Артиллеристцәа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа" дыршьаҟьеит

© Sputnik / Сергей Пивоваров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАртиллеристцәа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа" дыршьаҟьеит
Артиллеристцәа Аԥсны ашьхараҿы аӷа дыршьаҟьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Артиллеристцәа аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Аҽазыҟаҵарақәа рыбжакы уахынла имҩаԥган.

АҞӘА, жьҭаара 2 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база артиллеристцәа Аԥсны ашьхара иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҟны аштаттә хысрақәа мҩаԥыргон ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аррамаҵзурауаа рҽазыҟаҵашьа аадырԥшит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла.

"Аӷа" иршьаҟауаа "рнырҵәараан" рхы иадырхәеит САУ "Акация", аминаршәгақәа "Сани", агаубицақәа Д-30.

Аҽазыҟаҵарақәа иааидкыланы 500-ҩык рҟынӡа аруаа рылахәын. Ахархәара рыҭан 100 цырак арратә техника, 122-мм иҟоу ареактивтә системақәа "Град" рҩыза алархәны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0