Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАпроект "Ахьӡ архынҳәра" Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит
Апроект Ахьӡ архынҳәра Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан еибашьуаз Чечниа ауааԥсыра, афашист концлагерқәа ирхысыз рганахь ала адыррақәа шеилкааз атәы еиҭаҳәан Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны.

АҞӘА, жьҭаара 3– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апроект "Ахьӡ архынҳәра" ишьақәнаргылеит Чечентәылатәи ареспублика аҟынтәи еибашьуаз 17-ҩык ауааԥсыра анышә иахьамадоу аҭыԥқәа. Абри атәы Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны еиҭеиҳәеит апроект анапхгаҩы Григори Скворцов.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпроект "Ахьӡ архынҳәра" Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит
Апроект Ахьӡ архынҳәра Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит

Ачечен еибашьцәа анышә иахьамадо иԥшааит шьҭрала и-Аԥснытәиу ажурналист Роберт Авджано. Австриатә архив аҿы иара иԥшааит австриатәи ақалақь Маутхаузен аҿы иҟаз аконцентрациатә лагер аҿы иҭархаз асолдаҭцәа анышә иахьамадоу аҭыԥ азы адыррақәа.

"Арҭ асиақәа ҷыдараны ирымоу – дара урыстәылатәи архив аҿы иҟаӡам. Урыстәыла дара рганахь ала дыррак рыманы иҟаӡам. Маутхаузен –аԥсра иаҭыԥын. Иахьанӡагьы уа инеины избо рцәа рыхӡыӡоит", - азгәеиҭеит Скворцов.

Апроект авторцәа иара убасгьы урыстәылатәи арратә архив аҟны ирыԥшааит анемец концлагерқәа ирҭакыз 613-ҩык ауааԥсыра рыӡбахә. Скворцов иажәақәа рыла дара иргәиҭоуп Чечентәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟарҵарц ирыԥшааз ауаа рыуа-рҭахы рышьақәыргылараҿы ацхыраара рурц.

Днепр аҟны аибашьра - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аԥсуа еибашьцәа рлахьынҵа шьақәнаргылеит

Асиақәа иҭоуп Леон иорден занашьоу, хатәгәаԥхарала Чечентәылатәи Аԥсны еибашьуаз Реидгыла ахантәаҩы Вахит Керимов.

"Ари ашьаҿа ачечен жәлар зегьы рзы иҳамҭа дууп. Ҳара ҳҟны ирацәоуп аибашьра ду аан згәакьацәа хабарда ибжьаӡыз аҭаацәарақәа. Дара рзы ари ҳамҭоуп. Ргәы ажьжьап. Ҳара ҳганахь ала иахәҭоу зегь ҟаҳҵоит асиақәа Чечентәи ареспублика ахада Рамзан Кадыров иҟынӡа инагазарц. Агәра згоит уи ари аус гәык-ԥсык ала дшазнеиуа", - иҳәеит иара.

Асолдаҭцәа рыԥсыжырҭақәа рыԥшаареи архивтә материалқәа аус рыдулареи ирылахәуп Аҟәатәи иреиҳаӡоу акомандаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа.

"Апроект алахәразы иреиӷьу акурсантцәа алаҳкааит. Дара рхаҭақәагьы ари аус ҩ-напыкла иркит. Избанзар ари ҳаргьы иаҳҭоурыхуп. Иҟамызт аԥсыуа ҭаацәарак аибашьра иалахәымыз. Ирацәаҩӡоуп иҭахаз, изыхнымҳәыз. Урҭ рлахьынҵа аилкаара ауа-аҭахы рзы акраҵанакуаны иҟоуп", - иҳәеит Аԥсны атәылахьчара аминистрра аштаб хада акоменданттә рота аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Лагәлаа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпроект "Ахьӡ архынҳәра" Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит
Апроект Ахьӡ архынҳәра Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит

Апроект аус адырулоит Аԥсны атәылахьчара аминистрра адгыларала.

Sputnik Аԥсны – информациатә партниорны иазыҟоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпроект "Ахьӡ архынҳәра" Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит
Апроект Ахьӡ архынҳәра Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0