Наҭела Смырԥҳа: ҩнуҵҟала ҳбылуан, аха ҳҵаҩцәа идҳарбомызт

© Foto / Натела СмырНаҭела Иуан-иԥҳа Смыр
Наҭела Иуан-иԥҳа Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
38 шықәса Гагратәи аԥсуа школ аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс аус зуа Наҭела Иуан-иԥҳа Смыр илгәалалыршәоит аӷацәа лышкол ԥыржәарц шырҭахызи Гагра араион ахақәиҭтәра ашьҭахь уи аԥсҭазаара ҿыц шаиузи ртәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира ашьаҭа раԥхьа иркит Гагра. Ҳауаажәлар ари ахҭыс ду агәыӷра рнаҭеит, аԥсҭазаарахь ихьанарԥшуа иалагеит.

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы ианақәиҭтәха мызкы ааҵуаны ақалақьтә аԥсуа школ ашәқәа рзаанартит алаӷырӡ иахәаҽуаз, ашәы зхьыкәкәа иҟаз арҵаҩцәа. Аибашьцәа, абџьар кны аӷа аҿагылара ирҭозҭгьы, дара ирааӡар акәын Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш знапы ианылараны иҟаз абиԥара.

Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Илеишәа џьбаран, аха бзиа даҳбон: Гагратәи алицеи Алықьса Кәанџьариа ихьӡ ахҵоуп

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, нанҳәа 14 аҽны, Наҭела Смырԥҳаи лыԥшәма Анатоли Цымцбеи Луганск рҩызцәа рчараҿы иҟан. Телехәаԥшрала машәыршақә ажәабжь анраҳа, иаразнак аҩныҟа идәықәлеит. Ԥсоу аҳәааҿы иоурыжьуам ҳәа иалагеит, аха зегь акоуп ирулак Гаграҟа иааит.

"Ҳара Гагра ақалақь аԥсуа школ авара ҳанхоит. Ауха, ашҭа ҳанааҭала, аԥсуа еибашьцәа ашкол ахыбраҿы еизахьан. Сыԥшәма уахь дцеит. Иагьеилкаахеит ари ҳшашьцылахьаз ҽнак-ҩымш рыла еилгоз шакәмыз. Адырҩаҽны, Цандрыԥшь ақырҭуа десант ӡхыҵит. Икаҭәеит раԥхьатәи ашьа. Гагра ныжьтәуп ҳәа адырра аныҟала, Ԥсахара амҩа аркын аҟнытә ҳаурмыжьит, аҩныҟа ҳхынҳәит", - илгәалалыршәоит Наҭела Смырԥҳа.

Цәыббра 17 рзы, "Мхедриони" агәыԥ иалаз Наҭела лыԥшәмеи ргәыла Иасон Анқәаби лареи амилициахь иргоит, рҿахәы рҿырхырц азы, аха дара еиқәирхоит Наҭела лыԥшәма иҩыза Ҭемыр Родонаиа.

"Ҳаӷацәа рыбжьара ашәара ӷәӷәа ҟалеит, ачеченцәа иаарԥыхьашәо ақырҭцәа зегьы рыхқәа хырҵәоит ҳәа. Ҳара иҵәахны иҳамазшәа џьоукы адырра анрырҭа, иааины ҳаргеит. Сыԥшәма иҩыза Ҭемыр Родонаиа "ишәымшьын, сҩызцәа роуп, урҭ ирхароу ҳәа акгьы ыҟам" иҳәан, ҳаурыжьит", - еиҭалҳәоит Наҭела Смырԥҳа.

Арҵаҩы лгәы хыҭхыҭуа ажәабжьқәа дырзыԥшын. Ус лымҳаҭасла илаҳаит аԥсуа школ ахыбраҟны аамҭакы, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активистцәа иреиуаз Борис Кьехьыриԥа дҵәахны дшыҟаз. Даара лгәы лнархьит рышкол адиректор Ҳараз Чамагәуа ақырҭцәа дыҭҟәаны дыргеит, ааха дадыргеит ҳәа анылзаарыцҳа.

Хараз Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аԥсуа школ агәы зыреисыз Ҳараз Чамагәуа диижьҭеи 90 шықәса ҵит

"Иҳамчыз акгьы ыҟамызт, ашҭаҵәҟьа ҳзықәломызт, ахқәа ахьынтәааиуаз ҳаздыруамызт. Ҭынчрак аныҟалалак, аӡаагара сцалон. Ҽнак ҳгәыла ерманык сгәысҽаниҵеит, "уаҵәы ашкол ԥыржәарц ргәы иҭоуп, шәыҩны авагылоуп, шәлаҵаҟьцы шәцоит, иауазар, шәдәылҵ", ҳәа. Аха ҳабацагәышьоз", - ажәабжь иацылҵоит лара.

Адырҩаҽны, "Мхедриони" агәыԥ алахәцәа, "ПАЗ" ҳәа изышьҭаз автобус арҭҟәацгақәа рыманы иаақәҵит. Ааигәа инхоз ақырҭуа ԥҳәыс ашкол ԥыржәарц шырҭахыз анеилылкаа, "шәызҿу закәуи, уаҵәы ҳара ҳхәыҷқәа арахь иааиуеит, иҟашәымҵан", лҳәан иаҟәылхит.

"Ҳашкол рыцҳа аҭыӡқәа еиқәхеит, аха ашәи аԥенџьыри нымхеит, зегьы еилаԥыххаа иргеит", - лҳәоит арҵаҩы.

Жьҭаара аказы, Наҭела лыԥшәмеи лареи аиҭныԥсахлара иазыԥшын. Ирԥыхьашәаз маҭәақәак ргәыдкыланы иштәаз, ахысра ӷәӷәа ҟалеит. Ирзымчҳакәа ашҭахь ианынаԥш, ашкол авара ақырҭцәа еибарыҩуа автобусқәа ишрықәтәоз рбеит.

"Ашкол ашҭа ҳанықәла, ҳақырҭцәаз џьыршьан, "аԥсуаа аауеит, арахь шәааи" ҳәа иҳазҿырҭуа иалагеит. Уи заҳаз агәырӷьара ҳамҽханакит, аха ҳала ихырбаалар ҳәа ҳшәан, ҳгьежьит", - илгәалашәоит лара.

Гагра араион ахы ианақәиҭха, хара имгакәа амҩатә машәыр аҟны дҭахоит усҟан №5 ҳәа иҟаз аԥсуа ашкол адиректор Ҳараз Чамагәуа. Ари ажәабжь заҳаз арҵаҩратә еилазаара ҩаԥхьа рылахь еиқәылеит, уеизгьы иршәырымххьаз ашәымаҭәа лассаамҭа иныҟәыргон, иџьабон.

Абҵарамзазы, Борис Кьехьыриԥеи, Валери Дауҭиеи, Илиа Канџьариеи уҳәа рыбзоурала Гагратәи аԥсуа школ ашәқәа аанартит. Арахь иааит Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа иалҵыз ахҵәацәа рхәыҷқәагьы.

Ирина Сичинава  - Sputnik Аҧсны
Лыблақәа Аԥсны рхыубаалон: Ирина Сыҷынааԥҳа лгәалашәаразы

"Арҵаҩцәеи аҭаацәеи ҳаицхырааны, излаҳалшоз ала ашкол ашәқәеи аԥенџьырқәеи ҿаҳҵеит. Аҩнуҵҟа еилажьыз дәылаҳгеит, еилҳаргеит. Аклассқәа ахәыҷқәа рыла иҭәит. Ажәакала, аҵарадырра амҩа ҳанылеит", - лҳәоит Наҭела Иуан-иԥҳа.

Иазгәаҭатәуп, Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ аколлектив аус шыруаз хәыда-ԥсада шықәсык аҟынӡа.

Аҵаратә процесс ацара ишаҿызгьы, афронт аҟынтәи иаауан илахьеиқәҵагаз ажәабжьқәа. Аколлектив дырцәыӡуеит аматематика арҵаҩы Ирина Сыҷынааԥҳа.

16-ҩык аԥсуа школ еиуеиԥшым аамҭақәа рзтәи аушьҭымҭацәа рыԥсадгьыл рхы ақәырҵоит.

"Ашкол адиректорс иахагылаз Татиана Мықәԥҳаи ҳареи ҳгәы ҳарӷәӷәоит ҳәа ҳаҿын. Аха доусы ҳауацәа, ҳгәакьацәа ҭахацыԥхьаӡа ҩаԥхьа агәырҩа ҳамҽханакуан. Аибашьра иацыз атрагедиа ҩнаҭацыԥхьаӡа изкьымсыз дыҟамызт аҟнытә, ҳцәаныррақәа ҳариааины, ахәыҷқәа ҩнуҵҟала ҳашбылуаз дҳарбомызт", - ажәабжь хьанҭа иацылҵоит арҵаҩы.

Гагра ақалақь, аԥсуа школ ахь иааз ахҵәацәа рхәыҷқәа еиҳагьы рганахь арыцҳашьара аадырԥшуан арҵаҩцәа. Араион ақыҭақәа ирыцкарыз аколлектив ахаҭарнакцәа, иара аҭаацәагьы амаҭәа рзырԥшаауан, чахык рыцеиҩыршон.

Иумҳәарц залшом аҭыԥантәи арҵаҩцәа аҵаратә процесс амҩаԥгараҿы ишрывагылаз, ахҵәара иақәшәаны иҟаз арҵаҩы изанааҭ змазгьы.

"Ҳабацәеи ҳашьцәеи бџьарла Аԥсны рыхьчон, ҳара ауалафахәы ҳауам ҳәа аҩны ҳтәозма. Иҳалымшозгьы ҳалыршаны ҳхәыҷқәа аҵара дҳарҵон, уаҵәтәи амш иақәҳаргәыӷуан", - инаҵылшьит Наҭела Иуан-иԥҳа.

Сынтәа, Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи иҵуеит 27 шықәса. Наҭела Иуан-иԥҳа Смырԥҳа лыуаажәлар ари акрызҵазкуа ахҭыс рыдныҳәало ирзеиӷьалшьоит аҭынч ԥсҭазаара. Изызҳауа абиԥара ракәзар, ҳаҭыр еиқәҵаны, рыжәҩахыр еибыҭаны, шьала иҿыху рыԥсадгьыл ԥсыцқьарала амаҵ азыруртә еиԥш алшара ҳазшаз ириҭааит лҳәоит.

Аибашьраан зашьцәа ирывагыланы аӷацәа аҿагылара рызҭоз лколлегацәа Нанули Ҳагԥҳаи Ларина Гәынԥҳаи лымкаала ирзеиӷьалшьеит рыԥсҭазаараҿы уаҳа ргәы дзырхьо ахҭыс ҟамларц. Рџьабаа аилкаара амазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0