Ашьапылампылтә чымазара, мамзаргьы згәы бааԥсу ашьапылампыл

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахраҿа агаразы афиналтә хәмарра
Аԥсны Ахраҿа агаразы афиналтә хәмарра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи аҟны зегь реиҳа аларҵәара змоу ашьапылампыл аспорт хкы Аԥсны еиҳа-еиҳа агәыгәҭажьра иаҿуп. Абри азы Sputnik Аԥсны аколумнист Аинар Ҷыҭанаа ихьаагарақәа ҳацеиҩишоит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Шьапыла ампыл асра

Ашьапылампыл – адунеи аҟны зегь раасҭа аларҵәара змоу спорт хкуп. Миллионҩыла ауаа рзы есымчыбжь астадион аҭаара хымԥада изықәныҟәатәу ҭаацәаратә ҵасхахьеит. Убри аан гәык-ԥсык ала ашьапылампыл бзиа избо "ачымазцәа" рзы аҩбатәи зҵаароуп ахәмарра ҟазшьас иамоу, алҵшәақәа зеиԥшрахо уҳәа. Ихадоу 22-ҩык ахәмарҩцәа мпылк еимакуа адәы иахьықәу ауп. Усҟан аиҩызаратә еиԥыларагьы ныҳәа духоит.  

Футболист из Абхазии Айнар Эшба - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашьапылампыласыҩ Урыстәыла-Ирландиа рыхәмарра далахәын

Ҳәарада, ҳарҭ аԥсуаа - ашьапылампыл абзиабаҩцәа 60-80 нызқьҩык еизызго ахәмаррақәа рахь ԥхыӡла ҳамныҟәозар, лассы-лассы иҳауӡом уи аҩыза аҭагылазаашьа. Иҟоуп еиуеиԥшым европатәи астадион дуӡӡақәа рҟны ахәмаррақәа ирҭаахьоу, хаҭала избахьоу аԥсуаагьы. Аха зныктәи алахтыра акәым уажәы ҳазлацәажәаша: ашьапылампыл абзиабара культурак аҳасабала гәыԥҩык ауааԥсыра ианышьҭыркаауа, уи ала ианынхо, уи ианеиднакыло ауп.
Иреиӷьу аспорт хкы азҿлымҳара аӡбахә анаҳҳәо, ҳхахьы иааиуеит уи "аԥсадгьыл", 480 дивизиони 140 шьапылампылтә лигеи ахьыҟоу Англиа. Аиҿырԥшразы, 2018/19-тәи ашьапылампылтә сезон аҟны зегь раасҭа изҭаауаз "Манчестер Юнайтед" астадион "Олд Траффорд", хәмаррак аҟны бжьаратәла 74 498-ҩык ахәаԥшцәа еизнагон.

Аԥсуаа – ашьапылампыл абзиабаҩцәа 75 нызқьҩык зкуа "Олд Траффорд" аҟынӡа ҳхарацәазаргьы, ҳшәага-загақәа азин злаҳарҭо ала, еихьӡарақәак ҳамамкәа ҳаҟам ҳаргьы. Иаҳҳәап, 2016 шықәсазы CONIFA имҩаԥнагоз Адунеи ахраҿа ахәмаррақәа ҩба-хԥа рҟны "атыҟә" аҟынӡа иҭәит хә-нызқьҩык зкуа Аҟәатәи астадион "Динамо". Ашьапылампылтә "чымазара" змоу, аицлабраҟны змилаҭтә команда иадгылаз ауаҩы иаҳасабала урҭ агәалашәарақәа кыр аамҭаӡа исыцзаауеит.

Уи аахысгьы Аԥсны еизгоу ашьапылампылтә команда аԥсы шҭоу аҟара зны-зынла иааҳнардырлоит, ихәмаруеит аҩны, иара убас анҭыҵгьы. Аклубтә ҩаӡара атәы ҳҳәозар, ара уажәшьҭа ҳазхәаԥшышагьы аанымхазар ҟалап. Шықәсқәак раахыс ишьацәхнысло иаауаз аԥсуа шьапылампыл сынтәатәи ала зынӡагьы ҳаннажьит.

ConIFA адунеизегьтәи ашьапылампыл асразы ачемпионат. - Sputnik Аҧсны
Ааигәа иаҳхамшҭуа аиааира

Арыцҳара ахала иааӡом

Сиашахом, Аԥсны ашьапылампылтә чемпионат "аԥсы анҭаз" уи ахәмаррақәа зегьы сырҭаауан ҳәа сҳәар. Ахәмаррақәа раан аҟәардәқәа рыҭацәра, аикәшара иалахәу акомандақәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа агхара, ахәмаррақәа рхаҭабзиара аԥсыҽра, ауалафахәқәа рмаҷра мамзаргьы урҭ рыҟамзаара уҳәа – арҭ зегьы аԥсуа шьапылампыл ԥахны изкыз, ахалагьы иазԥымҵәаз еихацқәоуп. Ауадаҩрақәа, ҳәарада, ажәҩан иалымҟьаӡеит, ианцәырҵызгьы иацакәым, иахьакәым.

Напеилаԥса уаҩы дааӡоит ҳәа шырҳәо еиԥш, аԥсуа шьапылампыл аиқәырхаразы ахшыҩеилаҵара шаҭаху атәы иҳәеит Аԥсны Абаҩрҵәыреи аспорти рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар.

"Аԥсны араионқәа 8 рҟынтәи ҩ-команда заҵәык роуп ачемпионат аҽалархәра зҭаххаз. Иаанхоит аҟәатәи ашьапылампылтә гәыԥқәа: "Нарҭ", "Абазг", "Динамо". Иҟан аамҭа, ақалақь ахадара цхыраарак аҳасабала командацыԥхьаӡа миллионки бжаки анырзоурыжьуаз. Усҟан дара хар рымамкәа рхы рбон, аха уажәы уи аҟәрышь аҟамзаара иахҟьаны аԥсуа шьапылампыл аҭагылазаашьа уадаҩ иҭагылоуп. Аҳәынҭқарреи араионқәеи рнапхгарақәа, азыҟаҵаҩцәа, иара убас ашьапылампыл бзианы еилызкаауа ауаа еицҿакны ӡбашьак еицырмыԥшаакәа, даҽа ԥсыхәак ыҟаӡам", - иҳәеит ашьапылампыл аветеран.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рыҩаӡараҿы аԥсуа шьапылампыл, егьырҭ аспорт ахкқәа реиԥш, узеигәырӷьаша аихьӡарақәа амоуп. Лассы-лассы ҳара иҳаҳауеит аԥсуа спортсменцәа аҳәаанырцә аихьӡарақәа шаадырԥшыз, ахраҿа шыргаз, зыхьӡ хара инаҩхьоу аспорт клубқәа рахь ишаарыԥхьаз уҳәа.

Ҭырқəтəылатәи инагоу ашьапылампылтə клубқəа деимаркуеит: Алҭаи Агрба иҭоурых>>

Аха зны-зынла "ахьыбҿар" рахь иԥхьаӡоу ԥыҭҩык рбаҩхатәра аус адулара иацәаашьаны, агәыӷрақәа шрыдҳәалоу иаанрыжьуеит. Даҽа ԥыҭҩыкгьы ирылдыршоит аԥсабара ирыланаҵаз ииашоу ахырхарҭа аҭара.

Владивостоктәи "Луч" ахьчаҩбжа Даур Кәакәасқьыр Очамчыра араион Баслахә ақыҭа далҵит. Аҷкәын дышмаҷӡаз ашьапылампыл аҟны илаз абаҩхатәра ааирԥшуа даналага, 12 шықәса дшырҭагылаз, Толиатти ақалақь аҟны иҟоу Коноплиов ихьӡ зху Академиахь дыргеит. Даҽа хышықәса рышьҭахь Даур диасит Урыстәыла аҩнуҵҟа иреиӷьӡақәоу рахь иԥхьаӡоу ашьапылампылтә клуб "Краснодар" академиахь. Ари ашьапылампылтә ҭаацәараҿы Даур ԥшь-сезонк ихыганы, хәмарҩык иаҳасабала деизҳаит, дшьақәгылеит. Уи ашьҭахь ахьчаҩбжа шықәсыбжак Сербиа иреиҳаӡоу алигаҿы дыхәмарын, даҽа акы-ҩба европатәи алигақәа рҿы имчқәа ԥишәон, аԥышәа ирҳауан.

Иахьа Даур Кәакәасқьыр дыхәмаруеит Урыстәылатәи 1 алига иалоу Владивостоктәи "Луч" аҟны. Егьырҭ ахәмарыҩцәа дрылукаауеит ирласны аҩшьа, ампыл аус адулашьа, харантәи ампыл амба аҭаршәшьа рыла. Сынтәатәи ашьапылампылтә сезон алагамҭазгьы, Даур нагӡашьала иԥшӡоу ҩба-хԥа мпыл аҭаршәра дахьӡахьеит.

Гиви Смыр ихьӡ зху атурнир хдыркәшеит Афон Ҿыц>> 

Илшарызма ахәмарҩы қәыԥш, Аԥсны даанхазҭгьы, ибаҩхатәра иахәҭоу ҩаӡарала иаарԥшны ашьапылампыласҩы иаҳасабала ашьақәгылара? Игәаӷьыуацәоуп аҭак аҟаҵара, избанзар иахьатәи аԥсуа шьапылампыл зда ԥсыхәа ыҟам аицлабратә ҟазшьа ахьынӡамоу уи иалахәу ахәмарҩы аԥышәа ахьынӡаинаҭо аҳәара уадаҩуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0