Чыкәбарԥҳа: аҿаҭахьа ҳақәын, ҳшьапқәа хтны Бзыԥҭантәи Ԥсоунӡа ҳашцо

© Foto / Маиа Чыкәбарԥҳа лхатә архив аҟнытә45 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аус зуа Маиа Чыкәбарԥҳа
45 шықәса еиԥмырҟьаӡакәа Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 аҟны аус зуа Маиа Чыкәбарԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иахьынӡаҟаз аибашьцәа рыфатә, рыжәтә знапы иҵызхуаз аҳәса рхыԥхьаӡараҿы иҟаз Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩы Маиа Чыкәбарԥҳа илгәалалыршәеит урҭ аамҭа хьанҭақәа.

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иахьынӡаҟаз, Бзыԥҭатәи аԥсуа школ ахыбраҟны еиҿкааз, аинрал Сергеи Дбар напхгара зиҭоз аштаб амаҵ азызуаз, аибашьцәа рыфатә, рыжәтә знапы иҵызхуаз аҳәса рхыԥхьаӡараҿы иҟаз Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аиҵбыратәи акласс арҵаҩы Маиа Чыкәбарԥҳа илгәалалыршәеит урҭ аамҭа хьанҭақәа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагра араион аӷацәа аналала, ҳаибашьцәа рыштаб шьақәгылеит Мелор Ҭаркьыл директорс дызмаз Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ахыбраҟны. Араҟа аклассқәа ҭарцәны, уахынлатәи ашьҭаларҭақәа еиҿкаан, убас акрыфарагьы. Иазгәоумҭарц залшом, аҭыԥантәи анхацәа рхала ацәарҭақәа, ахызақәа, ахчқәа, доусы имаз афатә, ауҭраҭых аибашьцәа рзы ишааргоз. Араион аҟны ашәарҭара ӷәӷәахацыԥхьаӡа аштаб аҿы иаанҿасуаз аибашьцәа рацәаҩхеит, убас Нхыҵ Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз.

Геннадий Цвижба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҵәыџьба: Гагра ахақәиҭтәра аиааира шаҳгоз агәра ҳнаргеит

"Сара Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аҟны усҟангьы рҵаҩыс аус зуан. Хымԥада, аштаб анеиҿкааха аибашьцәа рыфатә, рыжәтә ҟаҵалатәуп ҳәа адырра аныҟала аҩны саангылозма. Сҩызцәа срыцны ашьыжь инаркны, аҵх агәы еиҩнашаанӡа убра сыҟан. Ҳдиректор Мелор Ҭаркьыл ивагыланы аштаб акрыфарҭа ацхыраара арҭон Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №2 адиректорс иҟаз Витали Гыцбеи атыл аусзуҩ Артур Канџьариеи", - еиҭалҳәоит Маиа Чыкәбарԥҳа.

Аштаб аҟны, аибашьцәа рымаҵ зуаз аҳәса ҩ-гәыԥкны рҽеиҩыршеит. Избанзар даара иуадаҩын, шьыжьхьа, шьыбжьхьа, уаххьа аҟаҵара, аишәақәа рырхиара, нас акрыфарҭа аилыргара, жәаҩыла ахацәа ахьыҟаз.

"Сара сызцыз, қәрала иҳаиҳабыз Ниусиа Инаԥҳа напхгара зылҭоз агәыԥ иалан ааҩык - ани аԥҳаи Валиа Гәлариаԥҳаи, Инга Дбарԥҳаи, Наҭела Ладариаԥҳа, Наҭела Хәарцкьиаԥҳа, Валиа Хәытԥҳа, Валиа Бигәааԥҳа. Гагра араион ахы иақәиҭхаанӡа, уахи-ҽни ҳаицхырааны излаҳалшоз ала ҳашьцәа амла иаҳаркуамызт", - илгәалашәоит арҵаҩы.

Маиа Чыкәбарԥҳа лԥа усҟан хәышықәса ракәын ихыҵуаз. Лыԥшәма аӷацәа дырҿагылан аҟнытә, ахәыҷы дызбоз длымамызт, дахьцоз дылгар акәхеит. Бџьарла еиқәных аибашьцәа амҩа ианықәлоз, данрыхьҵәыуозгьы ыҟан. "Сын полка" ҳәагьы ахьӡ ҷыда ирҭеит. Ихы рнааланы, ашьыжь инаркны, аҵх агәы еиҩнашаанӡа аштаб аҿы дыҟан.

Ростислав Кетия - Sputnik Аҧсны
Ростислав Кьетиа: Гагра ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра ҳнаҭеит

"Ахәыҷы ацәа данаклак, аишәақәа ааидыргыланы, аибашьцәа рбушлатқәа ықәҵаны дсырион, нас дырҿыханы, амза ҳақәҷҷо аҩныҟа ҳцон, ашьыжь ашара ҳҽалакны ҳаахуан", - лҳәоит ан.

Ҳаӷацәеи ҳареи ҳамчқәа еиҟарамызт, убри аҟнытә ашәара бааԥсы ыҟан. Аштаб аҿы аус зуаз аҳәса есыҽны анцәа иашьаԥкуан, аибашьра еилгаразы.

"Ҽнак Ниусиа Инаԥҳа ашҭахь ҳаалыԥхьан, анцәа иахь лхы рханы аҿаҭахьа лықәылҵеит, ҳаргьы ҳақәшаҳаҭхеит, "аибашьра анеилгалак, ҳшьапы хтны, Бзыԥҭантәи Ԥсоунӡа ҳашцо, убраҟа Аиааира шазгәаҳҭо", ҳәа. Ус иагьыҟаҳҵеит", - лажәабжь иацылҵоит лара.

Маиа Чыкәбарԥҳа еиҭалҳәеит аибашьцәа рныҟәгараҿы амчымхара шыҟаз. Дҵасгьы ирыман ацҵа иаҳәо ирырымҭарц.

"Ҟалашьас иамазеи, ацҵа сышәҭ ҳәа аибашьцәа анҳадгылоз, мап рыцәкра. Ҳара ҳхәы иахыхны ираҳҭон", - инаҵылшьит аштаб аусзуҩ.

Аштаб аҿы аус зуаз аҳәса изныкымкәа ирыдыркылахьан ахәцәеи аԥсцәеи. Уи даара зычҳара уадаҩыз, алаӷырӡи агәырҩеи зцыз мшқәан.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга, аҿаҭахьа зқәыз аҳәса ирыӡбеит ражәа анагӡара, аха атәылаҟны аҭагылазаашьа ҭышәынтәаламызт аҟнытә, иахдырԥар акәхеит. Гагра араион ахақәиҭтәра жәашықәса ахыҵра аан ауп ианрықәырх.

"Жьҭаара 5, 2002 шықәсазы, Гагра араион ахақәиҭтәра 10 шықәса ахыҵра аламҭалазы, аштаб амаҵ азызуаз аҳәса ааҩык, ҿаҭахьаны ишҳақәыз еиԥш, ҳшьапы хтны Бзыԥҭантәи Ԥсоуҟа амҩа ҳанылеит. Иҳацын амедиаҳәшьеи ҳаԥшәмацәеи. Ниусиа Инаԥҳа лықәра шмаҷмызгьы, ҳаԥхьа дгыланы дцон, уимоу "ԥхьаҟа" ҳәа ҳгәы шьҭылхуан", - аҿаҭахьа шрықәырхуаз далацәажәоит Маиа.

Маиа Чыкәбарԥҳа лгәы иаланы илҳәеит амҩахь ирԥылоз рахьтә, "арҭ асекта иалазар ҟалап" ҳәа шырзырҳәоз, ажәакала имҩаԥыргоз акциа адгылара зегьы иарымҭеит. Аха уеизгьы, ахәылбыҽхан аҳәаа аҟынӡа инаӡаз агәыԥ, аҳәынҭқарратә бираҟ ахьахашәыршәыруаз аҭыԥан ршьамхы арсны, ҳазшаз иашьаԥкны рҿаҭахьа рықәырхит.

Аԥсадгьыл ануԥхьо: Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәалашәарақәа

"Хымԥада аныҟәара мариамызт, аха ҳаибашьцәа ари акәызма ирылдыршаз Аиааира ҳзаагаразы", - лҳәоит аныҟәара иалахәыз.

Сынтәа Гагра араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 27 шықәса ҵуеит. Ари амш лаӷырӡыда алацәажәара лцәыуадаҩын аштаб амаҵ азызуаз аԥҳәыс. Аха уеизгьы, лыуаажәлар дрыдныҳәалеит, ирзеиӷьалшьеит аԥсҭазаара лашеи анасыԥи.

Аштаб иазааԥсоз ааҩык аҳәса ргәыԥ ахьтә адунеи рыԥсаххьеит Валиа Гәлариаԥҳаи Валиа Хәытԥҳаи. Ниусиа Инаԥҳа уажәшьҭа ақәра ду дҭагылоуп, 85 шықәса лхыҵуеит. Анцәа ашықәсынҵыра ду лаҭәеишьааит.

Бзыԥҭатәи аштаб амаҵ азызуаз Маиа Чыкәбарԥҳа дызлаз агәыԥ рџьабаа ишахәҭоу еиԥш иахьа уажәраанӡа ахә шьамзаргьы, зегь акоуп рыуаажәлари, аибашьра аветеранцәеи ирхашҭуам закәытә ааԥсароу ирыдырбалаз раҳәшьцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0