Нарҭыхә – аԥсуаа рҿы ихадароу ауҭраҭых аныҳәарақәа рҟны иааннакыло аҭыԥ

Анапаҵаҩра
Ҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәаҭо аӡбахә умҳәар ауам аԥсуаа рҟны ихадароу ачыс-хкы – абысҭа злырхуа аџьықәреи аҽаҩраныҳәаҟны раԥхьа игылоу ауҭраҭыхқәа ишреиуоу. Аџьықәреи аԥсуа ибзазараҿы иааннакыло аҭыԥи уи аныҳәарақәа рҟны рхы ишадырхәои атәы Есма Ҭодуа лматериал аҟны.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Нарҭыхә аԥсуаа рҟны ишцәырҵыз

"Нарҭыхә" – абас азырҳәон аханатә аџьықәреи – "Нарҭаа рхәы" ҳәа. Ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа Нарҭаа репос ишаҳәо алагьы уи Саҭанеи Гәашьа лдоуҳа ауп иҟазҵазгьы. Ишеиҭарҳәо ала, Саҭанеи-Гәашьа аԥшқа длыҵан. Ҽнак, хара џьара дцон, дхынҳәны даанӡа лгәыԥҳәыхш кашын иахьынкаҭәаз аџьықәреи қашә-қашәо иҩагылт. 1968 шықәсазы Маадан Сақаниа иҳәамҭаны ишанҵаз ала, уи адоуҳа ҟалҵеит абас еиԥш:

Абысҭа - Sputnik Аҧсны
Аџьықәреи иалырхуа аԥсуа бысҭа аҭоурых

"Сара сыҷкәын дызласааӡо касымҭәар ада ԥсыхәа сымам, аха убри ахькаҭәо ауаа зааӡаратәа иҟоу акы алҵааит! ҳәа… Абригьы лҳәеит, аџьықәреи қашәо иҩагылт. Уаанӡа аџьықәреи ыҟамызт, ирыздыруамызт. Саҭани-Гәашьа ани анылба, дырҩагь днышьамхнышгылан, адоуҳаҟаҵара деиҭалагеит: "Абри избаз ажәла скратәы исыҭ" ҳәа. Уиашьҭахь аџьықәреи ласӡаны азҳара иалагеит".

Абасала, аҳәамҭа ишаҳәо ала, ауаа аџьықәреи аадрыхуа, рхы аланыҟәырго иҟалеит. Аиашазгьы, аџьықәреи аԥсуаа рҟны ихадароу аҭыԥ ааннакылоит. Уи иалырхуа ахрыӷи ашылеи рыла ируа абысҭа акәзар, актәи аҭыԥ амоуп аԥсуа чыс хкқәа рҟны. Уаанӡа абысҭа зларуаз ахәаӡи ашыӡи рыла акәын.

Иазгәаҭатәуп, иара аԥсуаа рныҳәарақәа жәпакы рҟны ахархәара шамоу. Иаҳҳәозар, арахә-ашәахә ирхылаԥшхәу Аиҭар-Бжьеиҭар иҵанакуа аныҳәарақәа раан, аныҳәаҩ данныҳәоз ахрыӷ кеиҟьон, "Ооцә, ооцә!" ҳәагьы арахә дрыԥхьошәа ибжьы иргон. Убасҵәҟьа ҟарҵон Хәажәкыра аныҳәазгьы. Амшаԥныҳәа аламҭалазы имҩаԥырго "баииа амш" аан акәзаргьы, акәтаӷь аҩныргәы ианакәдыршо, уаҟа амшаԥышәҭ еиԥш ашылагьы ықәырҳәҳә икарыԥсоит. Аныҳәарақәа раан ас еиԥш аџьықәреи лых ахархәара абарақьаҭра аанагара акәзар ауеит ҵакыс иамоу, насгьы уи аиҳарак рхы иахьадырхәо адгьылқәаарыхра иадҳәалоу аныҳәарақәа рҿоуп.

Ашыла иамоуп даҽа магиатә ҵакыкгьы. Уи иара убас, рхы иадырхәоит аҭәҳәаҟаҵаҩцәа. Шамахамзар, аҭәҳәа ҳәаны данаалгалак, аҭәҳәаҩ ашылеи аџьыкхыши еилаҵаны амца иақәыԥсаны илбылуеит ауаҩы ацәгьара иҟәцаразы. Нанҳәа аухазгьы барбанџьиа ҟаҵаны амца ианахыԥо убасҵәҟьа ашылеи аџьыкхыши еилаҵаны амца иақәрыԥсоит. (Иҳәатәуп, абысҭа аныруагьы аџьыкхыш шарҭо агьама арбзиоит ҳәа.) Ас еиԥш ашыла ахархәара, адгьылқәаарыхра, абарақьаҭра анаҩсгьы, мчык шаҵоу аанарԥшуеит. Абжьааԥны ачеиџьыка амца иақәшәар ҵасым рҳәозар, араҟа "чеиџьыкала" ауаҩ иԥырхагоу мчык ыҟазар, ирбылуеит.

Ҽаҩраҭагалара аныҳәара шцәырҵыз

Аԥсуаа рҭоурых ажәытәтәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа иуҵар уҭахызар, хымԥада Нарҭаа репос уазхьаԥшуазар ауп. Аҽаҩраныҳәа азгәаҭара ишалагаз иазкынгьы аԥсуа нарҭтә епос аҟны иубоит. Ишдыру еиԥш, Нарҭаа аишьцәа зегьы акака рнапы ианын: аӡәы арахә иааӡон, ҽаӡәы ауахьад ибон уҳәа. Убас дыҟан нарҭаа ирызхаша афатә, ажәтә аиҿкаара знапы ианызгьы. Уи Нарҭ Џаџы ихьӡын. Шықәс дуӡӡак нарҭаа ирызхашаз аингалара мариамызт, убри аҟынтә иара иаԥшьигеит есышықәса аҽаҩрақәа анҭаргалалакь ашьҭахь аныҳәара амҩаԥгара иаадрыхуаз иалхны ачыс ҟаҵаны.

ацәаӷәара - Sputnik Аҧсны
Анаԥа-Нага – аҽаҩра анцәахәы илызку аныҳәара

"Аныҳәараҿы иадыргалон ачамгьал ашәымацараха, хәышҭаарала иӡны, ахырҵәы, ацха, аилаџь, аҩы, иаадрыхуаз аҿа-маҿа. Арҭ анымазеихалакь, Нарҭ Џаџы даархагыланы дныҳәон абас: Анаԥа-нага, аҳ ду, уара, аарыхра змадоу, суҳәуеит сара, Нарҭ Џаџы, нарҭаа раарыхра здыу, иҳаҭәоушьаз ачыӷь қьафла, цәгьа-мыцәгьа адкыламкәа аныхра!...", – ҳәа абас иныҳәа дуны имҩаԥыргон ҳәа иҳанаҳәоит 1975 шықәсазы Константин Шьаҟрыл ианиҵаз анҵамҭа (НААР архив аҟнытә).

Аԥсуаа ирызку аетнографиатә материалқәа рҟны ишаҳԥылогьы аҽаҩраҭагалара анцәахәқәа ҩыџьа ыҟоуп ҳәа ауп: Анаԥа-нага, иара убас Џаџы. Уи аныҳәара мҩаԥырымгоижьҭеи акрааҵуеит, аха иара шыҟарҵоз иазкны аматериал азҳархиахьеит. Ҳаамҭазы, уажәшьҭа итрадициахеит азуҳәар ауеит аҽаҩраныҳәа Мықә ашҭеи Лыхнашҭеи амҩаԥгара. Анхацәа қыҭацыԥхьаӡа раарыхрақәа ӡырыргоит ацәыргақәҵатә кәакьқәа еиҿкааны.

Аиашазы ари аныҳәа ныҳәа дуны имҩаԥысуеит аԥсуала аҽырхәмаррақәа, аҽырыҩра, ашәаҳәара, акәашара ацны. Аха иҳамҳәар ауам, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы џьара-џьара аиҵахарақәа шааԥшыз. Иаҳҳәозар, Мықә ашҭаҿы уаанӡеиԥш қыҭацыԥхьаӡа ркәакьқәа ҟаҵаны иубом, урҭ рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа имаҷхо ишааиуаз зынӡаск иаҟәыҵит, аԥацхақәа иргыланы ирымаз еилыбгеит. Аха ауаа ари амш азы уаҟа ишеизац еизаны аныҳәа иаԥылоит, афатә-ажәтә агым уеизгьы. Макьаназы ас еиԥш ала, ақыҭақәа ркәакьқәа ҟаҵаны рҽаҩра аӡыргара рылдыршартә еиқәырханы иахьыҟоу Лыхнашҭаҿы ауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0