Аԥснытәи акикбоксиорцәа ахьтәы медалқәа ҩбеи џьаз медалки ранашьахеит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаКикбоксеры
Кикбоксеры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аицлабрақәа ирылахәын 220-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа Аҩада Уаԥстәыла, Ставропольтәи атәылаҿацә, Ҟарачы-Черкесск, Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа, Краснодартәи атәылаҿацә, Ермантәыла, Аԥсны рҟынтәи.

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахьтәы медалқәа ҩбеи џьаз медалки ранашьахеит бџьаршьҭыхлатәи аимакқәа рҟны иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара иазкыз атәылаҿацәтә еиндаҭларақәа рҟны аԥснытәи акикбоксиорцәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсменцәа разыҟаҵаҩ Саид Смыр.

"Сандро Зыхәба, 2005 шықәса рзы ииз, 66 кьыла иҟаз реицлабрақәа реихшьаалала иреиӷьу аспортсмен ҳәа ахьӡ игеит. Афиналтә қәгылараҿы Аҩада Уаԥстәылатәи акикбоксиор нокаутла дииааиит. 2002 шықәса рзы ииз Гудиса Хьыбба иакәзаргьы 60 кьыла зкапануа аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ никылеит. Иара убасгьы иара ианашьахеит "Иреиӷьу атехниказы" аҳамҭа", - иҳәоит азыҟаҵаҩ.

Аџьаз медал ианашьахеит Азнаур Шхаев, 2003 шықәса рзы ииз.

"52 кьыла зкапануаз аспортсменцәа атурнир аҿы имаҷын. Убри азы ҳаспортсмен актәи иқәгылара иаразнакы афиналбжаҿ имҩаԥигеит, аха даҵахеит. Ус шакәугьы ахԥатәи аҭыԥ игеит", - еиҭеиҳәоит Саид Смыр.

Атурнир мҩаԥысуан жьҭаара 4 - 6 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0