Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Foto / Пресс-служба ЮВОВ Абхазии разведывательное и огнеметное подразделения ЮВО подтвердили почетное наименование «Ударное подразделение»
В Абхазии разведывательное и огнеметное подразделения ЮВО подтвердили почетное наименование «Ударное подразделение» - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә архәҭақәа рыруаа Ҵабал, Нагвалоу, Гәдоуҭа арратә дәы аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргеит.

АҞӘА, жьҭаара 8— Sputnik. Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аррамаҵзурауаа абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргеит аԥшыхәратә ҵара, ҳаамҭа иақәшәо арратә хархәагақәа СБР-5, ЛПР-2 рыцхыраарала. Аҽазыҟаҵарақәа раан индырҵәеит ашьхараҟны зҽыҵәахны иҟаз "адиверсантцәа".

Аԥшыхәцәа Аԥсны ашьхараҿы аӷа дыцҟьашәҟьа дықәырҵеит - Sputnik Аҧсны
Аԥшыхәцәа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа" дыцҟьашәҟьа дықәырҵеит

"Мчыбжьык иназынаԥшуа Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ аррамаҵзурауаа абнараҿи ашьхараҿи имҩаԥыргеит аԥшыхәратә ҵара, ҳаамҭа иақәшәо арратә хархәагақәа рыцхыраарала. Ҷыдала азхьаԥшра арҭон арратә дисциплина, аҟарулратә маҵзура амҩаԥгашьа, азинтәи анагӡаратәи дисциплина ақәныҟәара, адокументациа амҩаԥгара", - иҳәеит Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә Округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

Арратә зыҟаҵарақәа рҿы аруаа еиуеиҧшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит.

Азыҟаҵаратә усмҩаҧгатә ахь хышәҩык инареиҳаны аԥшыхәцәеи 20 цыра инарзынаҧшуа ҳаамҭа иақәшәо арратә техникеи адыҧхьалан. Иаагозар, ацифратә еимадареи анавигациеи рзы ахархәага "Грот-М", агранатаршәга РПГ-7, "Стрелец". Иара убасгьы акәылӡтранспортиорқәа БТР-82 АМ, акәылӡтәы ԥшыхәратә машьына "Дозор", акәылӡтәы машьынақәа КамАЗ, "Мустанг".

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ашьхараҿ, абнара аҭыԥқәа рҟны. Мчыбжьык иалагӡаны азыҟаҵарақәа мҩаҧыргон. Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаҧгараан, ахархәара роуит арратә машьынақәа БТР-82АМ, аснаипертә винтовкақәа "Винторез", аимитациатә зариадқәа ИМ-120, асигналтә ракетақәа, атанкқәа Т-72Б3.

Апресс-маҵзура адыррақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 2000-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа. Урҭ алахәхоит 2019 шықәсазтәи аихшьааларатә ҽазыҟаҵарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0