Аҟәа имҩаԥысран иҟоуп Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҟәа имҩаԥысран иҟоуп Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа
Аҟәа имҩаԥысран иҟоуп Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 9 асааҭ 12:00 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәаратә зал ду аҿы.

АҞӘА, жьҭаара 9 - Sputnik. Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 9 асааҭ 12:00 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәаратә зал ду аҿы.

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхоит ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа.

Ацеремониа ааиртуеит Апарламент аиҳабы, нас ажәа ииҭоит ҿыц иалху атәыла ахада. Атәыла ахада аԥсышәала аҭоуба шьҭеиҵоит ижәлар рҿаԥхьа. Ахьыӡрашәа ангалак ашьҭахь ахада инапы иаркхоит– аштандарт, амҳәыр, алабашьа, аҳәа.

Аминистрцәа реилазаара аилатәаратә зал ду 800-ҩык ауаа акуеит.

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхоит сасцәақәак рыҳасаб ала Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Сергеи Чеботарев, Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Ольга Тимофеева, ИАР атәылақәа русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аппарат анапхгаҩы Михаил Кротов, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Леонид Калашников, Ҟабарда-Балкариа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Мухамед Кодзоков, ҞБА аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Салим Жанатаев, Ҟарачы-Черқьессиа апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мусса Екзеков, Калмыкиа ахада Бату Хасиков, ареспублика аиҳабыра рхантәаҩы Иури Заицев, Аҩада Уаԥстәыла –Аланиа аделегациа, ареспублика аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Станислав Кесаев инапхгарала. Ацеремониахь иааԥхьоуп Ашьха-Ҟарабахи Никарагуеи рделегациақәа.

Инаугурация избранного президента Абхазии Рауля Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Валери Бганба Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхо рыӡбахә иҳәеит

2019 шықәса рзы атәыла ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа иҿыцу акгьы алагалахом.

Атәыла ахада иалхра аҩбатәи атур аҟны АКХ иҟанаҵаз аихшьаалақәа инарықәыршәаны Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Ари иақәшаҳаҭымхаз аоппозициа раԥхьагыла Алхас Кәыҵниа цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы.

Жьҭаара 9 асааҭ 12:00 рзы иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп иаҵахаз аполитикатә партиа "Амцахара" аизара.

Ажәабжьқәа зегьы
0