Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵараан азинеиҿкаара иахылаԥшуеит Аԥсны амилициа аусзуҩцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ААР ахада иҭоубашьҭаҵараан азинеиҿкаара иахылаԥшуеит
Аԥсны ААР ахада иҭоубашьҭаҵараан азинеиҿкаара иахылаԥшуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада ҿыц Рауль Ҳаџьымба иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 9 асааҭ 12:00 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәаратә зал ду аҿы.

АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра атәыла ахада иҭоубашьҭаҵараан азинеиҿкаара иахылаԥшуеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы.

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхоит ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа.

Аҟәа имҩаԥысран иҟоуп Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥысран иҟоуп Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа

Рауль Ҳаџьымба имаҵура адкылара иазку ацеремониа иалахәхоит сасцәақәак рыҳасаб ала Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр Сергеи Чеботарев, Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Ольга Тимофеева, ИАР атәылақәа русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аппарат анапхгаҩы Михаил Кротов, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Леонид Калашников, Ҟабарда-Балкариа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Мухамед Кодзоков, ҞБА аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Салим Жанатаев, Ҟарачы-Черқьессиа апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мусса Екзеков, Калмыкиа ахада Бату Хасиков, ареспублика аиҳабыра рхантәаҩы Иури Заицев, Аҩада Уаԥстәыла –Аланиа аделегациа, ареспублика аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Станислав Кесаев инапхгарала. Ацеремониахь иааԥхьоуп Ашьха-Ҟарабахи Никарагуеи рделегациақәа.

Ацеремониа ааиртуеит Апарламент аиҳабы, нас ажәа ииҭоит ҿыц иалху атәыла ахада. Атәыла ахада аԥсышәала аҭоуба шьҭеиҵоит ижәлар рҿаԥхьа. Ахьыӡрашәа ангалак ашьҭахь ахада инапы иаркхоит– аштандарт, амҳәыр, алабашьа, аҳәа.

Атәыла ахада иалхра аҩбатәи атур аҟны АКХ иҟанаҵаз аихшьаалақәа инарықәыршәаны Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Ари иақәшаҳаҭымхаз аоппозициа раԥхьагыла Алхас Кәыҵниа цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы.

Жьҭаара 9 асааҭ 12:00 рзы иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп алхрақәа рыҟны иаҵахаз аполитикатә партиа "Амцахара" аизара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0