Атурнир "Аиааира Ахраҿа" аатуеит Аҟәа

CC0 / / Футбольное поле
Футбольное поле  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акомандақәа ԥшьба злахәхо атурнир "Аиааира Ахраҿа" мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 10 инаркны абҵара 20 рҟынӡа.

АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акомандақәа ԥшьба злахәхо ашьапылампыл азы атурнир "Аиааира Ахраҿа" аартаны иҟоуп жьҭаара 10 рзы, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампылтә лига адиректор Витали Федоренко.

Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы жәларбжьаратәи атурнир - Sputnik Аҧсны
Ахымхәацәа-ампутантцәа рыбжьара ашьапылампыл маҷ азы атурнир мҩаԥгахоит

"Атурнир ҩ-еикәшаракны имҩаԥгахоит. Еикәшарацыԥхьаӡа хԥа-хԥа тур ҟалоит. Иалыркаауа атурқәа ачемпион ихьӡ азы еиндаҭлоит", - иҳәеит иара.

Афиналтә хәмарра мҩаԥгахоит абҵара 20 асааҭ 16:00 рзы Аҟәа астадион "Динамо" аҿы ҳәа иҳәоит Федоренко.

"Атурнир еиҿкаауп аспортсменцәа рҟазара аизырҳаразы, ахәмарратә ԥышәа рцәымӡырц", - азгәеиҭеит иара.

Аклубқәа рфинанстә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны 27-тәи ачемпионат ҭагаланмзақәа рҟынтәи 2020 шықәса ааԥынрахь ииагоуп. Акомандақәа фба рҟынтәи иаанханы иҟоуп акомандақәа ԥшьба.

Атурнир "Аиааира Ахраҿа" ахәмаррақәа рымаҵ рулоит аԥснытәи аӡбаҩцәа рыбригадеи Шәачантәи иааԥхьо арефери. Атурнир иалахәхоит акомандақәа: "Гагра", "Риҵа","Нарҭ", "Динамо".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0