Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ицеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ицеит
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ицеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба жьҭаара 10 рзы Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥигеит. Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит жьҭаара 9 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рауль Ҳаџьымба официалла имаҵзураҭыԥ данахагыла ашьҭахь Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ицеит.

Кабинет министров республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Хымз рыҩныҵҟа: аминистрцәа реилазаара аиҿкаараз аҿҳәара

Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны атәыла ахада Аминистрцәа реилазаара еизигоит аҭоубашьҭаҵара данахыс адырҩаҽны. Жьҭаара 10 рзы аиҳабыра рлахәылацәа зегьы официалла рнапынҵақәа шьҭарҵеит.

Аилатәара аартуа Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа русуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Абри ашьҭахь хымз рыҩныҵҟа атәыла ахада аԥыза-министри аминистрцәа реилазаара алахәылацәеи шьақәирӷәӷәароуп. Убранӡа дара зегьы "аминистр инапынҵақәа назыгӡо" ҳәа русура мҩаԥыргоит.

Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит жьҭаара 9 рзы.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аихшьаалақәа инарықәыршәаны Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, иоппонент Алхас Кәыҵниа – 46,17% абжьқәа иоуит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0