Аибашьра адаҟьақәа: Аԥсны арбџьармчқәа шаԥҵахаз аҭоурых

Анапаҵаҩра
Жьҭаара 11, 1992 шықәсазы Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аԥҵан. Аԥсны Арбџьармчқәа аибашьра аамҭазы реиҿкаара шыҟалаз, насгьы уи иаԥхьанеиуаз ахҭысқәа дрылацәажәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Раԥхьатәи арратә мчрақәа

Аҩныҵҟатәи архәҭақәа хазы игоу рполк еиҿкаан декабр 29, 1991 шықәсазы. Асовет Еидгыла ахьынӡаҟаз асовет аргьы ыҟан, аха Аидгыла декабрь 21, 1991 шықәсазы еилаҳаит. Убри ашьҭахь еиҳагьы иуадаҩхеит Қырҭтәыла Аԥсни реизыҟазаашьақәагьы. Избан акәзар Аԥсны ахатәы арбџьармчқәа амамзаара иахҟьаны Қырҭтәыла аганахьала ашәарҭадарагьы ақәгәыӷра уадаҩын.

Ҳаџьымба даҭааит Аԥсныи Урыстәылеи рырратә ҽазыҟаҵарақәа - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба даҭааит Аԥсныи Урыстәылеи рырратә ҽазыҟаҵарақәа

Хазы игоу аполк аԥҵара, раԥхьаӡа инаргыланы хықәкы хадас иаман Аԥсны ахьчара, изакәызаалакгьы мчык амазаара. Уи еиҳарак излашьақәыргылаз аррамаҵзура ахгара зуалу рыла акәымкәа, изхызгахьаз рыла акәын. Иара убас иҟалеит хатәгәаԥхарала зыԥсадгьыл амаҵ азура зҭаххаз ауаагьы.

Официалла Жәлар реизара Владислав Арӡынба данахагыла инаркны еиҳа ирацәаны ирыдыркыло иалагеит аԥсуаа ринтересқәа зыхьчоз аӡбамҭақәа. 1991 шықәса анҵәамҭазы ауп ианеиҿкааз, анаҩс "Ахьтәы Парламент" ҳәа хьӡыс изауз Жәлар реизара актәи ааԥхьара. Иалагалаз аквотақәа инарықәыршәаны, 28 ҭыԥ аԥсуаа иртәхеит, 26 – ақырҭцәа, 11 ҭыԥ - урысшәала ицәажәоз егьырҭ амилаҭқәа.

Аха ари аҭагылазаашьаҿы ахатәы роль нанагӡеит аԥсуаа ринтересқәа рыхьчара иашьҭаз ирыцхраашаз даҽа факторкгьы: ақырҭцәа иалырхыз адепутатцәа дара-дара аҳәоуеиқәымшәареи аимак-аиҿаки рыбжьалеит. Урҭ ирылҵшәаны депутатк зынӡагьы дырзалымхӡеит аҟнытә, 25-ҩык роуп инхаз.

"Анҭ 11-ҩык атәым милаҭ ахаҭарнакцәа рҟынтәи фҩык ақырҭқәа реинтересқәа ирыдгылаҩцәан, хәҩык – аԥсуаа. Абасала, зегьы еицҵаны урыхәаԥшуазар, аԥсуаа реинтересқәа ирыдгылаз ҩыџьа рыла еиҳахеит", - иазгәеиҭеит Аслан Аҩӡба.

Парад в День Победы 9 мая - Sputnik Аҧсны
Ар, нас аџьаҧҳаны ирызку ажәақәа ииашаны рҩышьа жәдыруама?

Убри иабзоураны, ишнеи-шнеиуаз хазы игоу аполкахь аҿаргьы аарыԥхьо иалаган, ари аструктура еиҳа-еиҳа иаиуит ар ахаҿра. Аполк анаԥҵаз аҽны Жәлар Реизара аӡбамҭа аднакылеит, Аԥсны иҟаз, Асовет Еидгыла иатәыз, Қырҭтәыла иатәыз архәҭақәа зегьы Аԥсны анапаҵаҟа иҟалартә алшара ҟазҵоз.

Аибашьра аламҭалазтәи аҭагылазаашьа

Анаҩс, 1992 шықәса аӡынра нҵәаанӡа Қырҭтәыла анапаҵаҟа иҟаз Арратә комитетгьы Аԥсны анапаҵаҟа иааган, напхгаҩыс даҭан Сергеи Дбар. Иара убасҟан ауп арратә напхгаҩы иԥсадгьыл ахь раԥхьаӡакәны аусура данааз.

1992 шықәса февраль мзазы ақырҭқәа Аԥсны иаԥшьыргеит изаамҭамыз даҽа "спектаклькгьы". Усҟан ауп Ҟарҟарашвили ирхәҭақәеи иареи Аҟәа иалаланы, Ԥсоунӡа ицаны "ақырҭуа ӡы" агьама баны ианыхынҳәыз. Аԥсуа рырхәҭақәа урҭ ирҿагылар аибашьра шахылҵуаз еилыркаауан аҟнытә, ас еиԥш иҟаз ахымҩаԥгашьа ҭакда иаанрыжьырц рыӡбеит.

Аха аҳәаанхыҵнтәи иааз "амиссионерцәа" уи аҟны инымгылакәа, ауаа рырҳәра, рӷьычра уҳәа, зхаҿы аагара уадаҩу аус хәымгақәа рҽырзыркит. Урҭ рхымҩаԥгашьа аԥсуаа рымацара ракәымкәа аҭыԥантәи ақырҭқәагьы иргәамԥхо ианалага, Қырҭтәылатәи анапхгара рырхәҭақәа алганы иргеит.

Маи 4, 1992 шықәсазы иҟалеит ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҿы раԥхьаӡатәи аофициалтә ԥсҭбара. Дҭахеит амилициаҿы аус зуаз, аԥсуа архәҭа иалаз Мгәыӡырхәатәи Агрба ҷкәын. Иара иоуп аԥсуааи ақырҭцәеи реиҿагылараҿы архәҭақәа ирылаз рҟнытә раԥхьа иҭахаз.

"Аибашьра аналага раԥхьатәи амца заахаз иара уи хазы игоу аполк алахәылацәа роуп. Ҳәара аҭахума, уи иалаз ауаа аибашьра ишахәҭоу иазыҟаҵаӡамызт аҟнытә, ишнеиуаз уи амчқәа мацара азымхо иалагеит", - еиҭеиҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба

Авгус 14 аҽнынӡа Аԥсныи Қырҭтәылеи рҳәааҿы аицәажәара аҭыԥ аман. Ақырҭқәа рган аԥсуаа рахь ажәалагала ҟанаҵеит, аҳәааҿы игылаз аԥсуаа рырхәҭақәа шьҭахьҟа ирнахарц, урҭ рыҟазаара аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит ҳәа иԥхьаӡаны. Убри аан аҳәаақәа рыхьчареи ашәарҭадара ацклаԥшреи ақырҭуа ган ахахьы ишагоз "ҭоуба ауан". Аԥсуаа агәҩара роуит ари шымцыз, аха аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩын, аҳәаа ааигәа-сигәа дара ракәын инхоз аҟнытә, иҟаҵатәхеит уи аҩыза ашьаҿагьы.

Сергеи Дбар - Sputnik Аҧсны
"17-тәи", мамзаргьы "Аду": Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәалашәаразы

Иаарту аиҿагылара

Раԥхьатәи аидыслара ҟалеит август 14 аҽны, Охәреи ақыҭан. Уакәын аԥсуаа рырхәҭақәа ахьгылаз, Егры акәмызт. Аибашьра ианалага зыԥсадгьыл ахьчаразы хатәгәаԥхарала абџьар иаҵагылаз ауаа еидызкылашаз мчрак ыҟазар акәын. Убри аҟнытә Аԥсны анапхгара Атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Комитет еиҿнакааит.

Убри аамҭазгьы, Аԥсны иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵара инақәыршәаны, Аҩныҵҟатәи арбџьармчқәа хазы игоу рполк акомандаҟаҵаҩ идҵан хәышә-хәышә ҩык злоу ҩ-батальонк раԥҵара. Аха аполк алшарақәа рымацара азхаӡомызт аҟнытә ар аиҿкаара напы аркын.

Уи инаваргыланы еиԥҟьарада имҩаԥысуан ауаажәларратә ҵысра апроцессқәагьы. Аха уи иаанагомызт досу ишиҭахыз иахьиҭахыз деибашьуан ҳәа. Арратә напхгаҩцәа реишьҭагылашьеи арратә ԥҟарақәеи инарықәыршәаны, аиҳабы инаркны аиҵбы иҟынӡа досу рнапынҵақәа рынагӡара рҽазыркит. Зегьакоуп, арбџьармчқәа аҵыхәтәанынӡа еиҿкаамкәа ишыҟазгьы аԥсуаа ирылдыршеит Гагра ақалақь ахақәиҭтәра.

Аԥсны Арбџьармчқәа официалла, Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала иаԥҵан 1992 шықәса, жьҭаарамза 11 аҽны. Усҟан ирыдыркылеит раԥхьатәи ақәҵарақәа хԥа:

  • Атәылахьчара аминистрра аиҿкаара;
  • Атәылахьчара аминистрра Агенералтә штаб аԥҵара;
  • Атәылахьчара аминистрс Владимир Аршба, аштаб Хада аиҳабыс – Султан Сосналиев
Султан Сосналиев - Sputnik Аҧсны
Аиааира агара ус имариаӡам: Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев игәаларшәара

Аслан Аҩӡба иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра маҷқәа ар анеиҿыркаауа, дара раҵкыс еиҳау аҳәынҭқарррақәа шрыцхраауа. Ус иҟоуп адунеитә ԥышәа. Аха ҳара ҳҿы аҭагылазаашьа даҽакала иҟан, избан акәзар иаҳҿагылаз аӷа хынтә ҳара ҳаасҭа деиҳан, хыԥхьаӡарала еиԥш мчылагьы. Аҭоурых аҟны шамахамзар иҟаӡам убри аиԥш аҿырԥштәқәа, аибашьра аамҭа иалагылаз ажәлар ар аиҿкаара анрылдыршахьо.

Иара убас Аслан Фазлыбеи-иԥа игәалаиршәеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба, иааирак ҳгацыԥхьаӡа ауаа гәырӷьаны ихысуан, аха сара усҟан дак-дак сылԥсаауан ҳәа ииҳәахьаз ажәақәа.

"Арӡынба еиликаауан ашьаарҵәыратә аамҭа иҭагылаз ажәлар рзы хыкгьы ахәԥса ахьынӡаҳаракыз. Анапхгаҩы ӷәӷәа иоуп абарҭқәа зегьы реидхәыцлара зылшо", - ихиркәшеит аҭоурыхҭҵааҩ.

Аҩныҵҟатәи архәҭақәа хазы игоу рполк еиҿкаан декабр 29, 1991 шықәсазы. Авгус 14, 1992 шықәсазы ақырҭуа арбџьармчқәа аҳәаа еилаганы Аԥсны иақәлеит. Аибашьра аамҭазы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала Аԥсны арбџьармчқәа аԥҵан 1992 шықәса, жьҭаарамза 11 аҽны. 413 мшы ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшахеит ақырҭуа арбџьармчқәа раҵахарала. Цәыббра 30 – Аиааира амш ҳәа иԥхьаӡоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0