Афон ҿыцтәи аҳаԥаҿы аконцерт мҩаԥгахоит

© Sputnik Томас ТхайцукАфон ҿыцтәи аҳаԥаҿы аконцерт мҩаԥгахоит
Афон ҿыцтәи аҳаԥаҿы аконцерт мҩаԥгахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконцерт апрограммаҿ иарбоуп еицырдыруа ателехәаԥшратә шоуқәа рықәгылара, аклассикатә музыка аконцерт, афымцатә арфаҿ ахәмарра.

АҞӘА, жьҭаара 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа Илиа Римари Ольга Максимовои рконцерт мҩаԥгахоит Афон ҿыцтәи аҳаԥаҿы жьҭаара 19-20 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳаԥы аменеџьер Есма Гарцкиаԥҳа.

Аконцерт апрограммаҿ иарбоуп аклассикатә музыка. Арфарҳәаҩ Ольга Максимова еиуеиԥшым амузыкатә хырхарҭақәа– аелектронтә музыка, ембиент, анеоклассика, аџьаз налыгӡоит. Урыстәыла зегь аҟны лара аӡәзаҵәык лоуп ҩ-арфак рҟны ихәмаруа.

Ильиа Римар –ашоу "Голос" дафиналиступ, апрограмма "Ну-ка все вместе!", апроект "Удивительные люди" дрылахәылоуп.

"Ҳара Афон ҿыцтәи аҳаԥаҟны аконцертқәа рымҩаԥгара аиҭахацыркра ҳҭахижьҭеи акырҵуан. Атуристцәа уи лассы-лассы иазҵаауан. Арҭ артистцәа ракәзар, рхаҭақәа иҳадыргалеит аконцерт амҩаԥгара. Ҳаргьы уи гәахәарыла иҳадаҳкылеит", - еиҭалҳәоит Гарцкиаԥҳа.

Афон ҿыцтәи аҳаԥы Гәдоуҭа араион аҿы иҟоуп. 1961 шықәса рзы иаартын. 1975 шықәса рзы раԥхьатәи атуристцәа аҭааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0