Агәалаҟара бзиа иазҳәоу: Гьаргь Габечиа илаф ажәабжьқәа рҭоурых

© SputnikГьаргь Габечиа илаф ажәабжьқәа
Гьаргь Габечиа илаф ажәабжьқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алафҳәаҩ, аҽыбӷаҟаза Гьаргь Габечиа иҳәамҭақәа еидызкылаз аизга 2002 шықәсазы иҭижьит абызшәаҭҵааҩы Леонид Саманба. Иара еиҭеиҳәеит актәи аизгазы аматериал шеидкылахаз, насгьы лассы аҩбатәи ҭыҵраны ишыҟоу.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

"Жәҩахкыла иалырхуаз, зуаҩреи зыламыси ҳаракыз, зныкымкәа зҽыбӷаҟазарала ауаа зыргәырӷьахьаз, Аԥсны Ареспублика анҭыҵгьы зыхьӡ-зыԥша наҩхьаз алафҳәаҩ ду Гьаргь Қәабзач-иԥа Габечиа диит 1910 шықәсазы Лыхны ақыҭан (Аџьымҽыӷра аҳаблан), Аҟәатәи аокруг Гәдоуҭа аучастка".

Лакәа Деметр игәараҭа - Sputnik Аҧсны
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых

Аҵарауаҩ, абызшәаҭҵааҩы Леонид Саманба 2002 шықәсазы иҭижьыз ашәҟәы "Гьаргь Габечиа илаф жәабжьқәа" аԥхьажәа абарҭ ацәаҳәақәа рыла иалагоит. 17 шықәса раԥхьа иҭыжьыз ари аизга аԥхьаҩцәа еимырҵәеит алашара шабазҵәҟьа, убас еиԥш азҿлымҳара ду аиуит. Ашәҟәы ацәаҿы иану асахьа авторс дамоуп аурыс сахьаҭыхҩы Краиниуков. Иахьазы аиқәыршәаҩ ихаҭагьы изынханы иҟоу екземплиар заҵәык ауп.

Гьаргь Габечиа зыбз хны изҿоу ҳәа ззырҳәоз уаҩын аҟнытә ацәгьеи абзиеи рҟны еснагь ауаа идеизалон, илаф ажәа иазыԥшын. Алафҳәаҩ ихьӡ арҳара хараӡа зегьы ирылшаӡом. Иаҳҳәап, иҟоуп "абжьаратә ҩаӡарала" ауаҩы дзырччаша ажәақәа ззыԥшаауа, иахьаҭыԥу-иахьаҭыԥым ҳәа ишәаны-изаны изҳәо.

Аха Гьаргь Габечиа илафҳәаратә ҩаӡара кыр уи аасҭа хара ицеит. Ихаану ауаа изларҳәо ала, иара акы иалаҳәаӡамкәа ԥсрак аҟны убас еиԥш лафк аацәыригар илшон, ауаҩы икьатеиах ԥнаҵәаратәы. Аха уи иажәақәа зынӡаск ауаҩы ддыргәааӡомызт, азныказы ихырҟьацәаны иҳәоуп ҳәа игәы иаанагаӡаргьы. Аԥсрагьы аччара ацуп ҳәа аԥсуаа ражәа баша иаланамгалазар акәхап. Иахьатәи ҳабзазараҿгьы иҟоуп уи ацәынхақәа.

Алафҳәаҩ иҿаԥыц ӷәӷәа адагьы, дҽыбӷаҟаза ӷәӷәан, Асовет Еидгыла аҳәынҭқаррақәа жәпакы рҟны ихы рылаирхәуан еиуеиԥшмыз аҽырыҩрақәа. Леонид Хыгә-иԥа излаигәалаиршәо ала, Гьаргь Габечиа агәыжьгьы ааганы лыхнашҭа иқәиҵар аиааира агоит ҳәа алаф ихырҳәаауан. Аҽыбӷаҟаза лымкаала пату изақәын аԥсуа бзазашьа, уи дашьашәаланы дынхон ихаҭагьы.

Алик Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Алик Ажьиба: аԥсҭазаараҿы алаф аҭыԥ амазароуп

Алафҳәаҩ ҟаза иҳәамҭақәа ашәҟәы иахьанылаз мацара адагьы, аекран ду аҟны ицәырҵхьеит. Уи иҳәамҭақәа ирылху афильмқәа дравторуп Гарри Дбар. Иара убас Аԥсны Жәлар рартист Чынчор Џьениа жәаа ажәабжь дрыԥхьаны арадиоефир ала азыӡырҩцәа идирҳаит. Иахьатәи арадиозыӡырҩцәа урҭ анҵамҭақәа зны-зынла ираҳар рылшоит.

Леонид Хыгә-иԥа игәалаиршәеит Гьаргь Габечиа илафҳәаратә ҟазара ахьааирԥшыз даҽа хҭыс хәыҷык:

"1983 шықәсазы Саманта Смит захьӡыз Америкатәи ӡӷаб хәыҷык Андропов иааԥхьарала Москва дааны дыҟан. Гаргь Ӷәаҭас-иԥа ари аниаҳа, иҩыза иахь ихы наирхан, о уара, Шькәыҭ, Москва узгазеи, уанаџьалбеит ҳәа ҿааиҭит. Изеиҳәоз Саманба Шькәыҭ иакәын".

Ари иаҩызоу алаф еизга Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны иҭижьхьан Константин Шьаҟрыл, "Сақаниа Маадан иҳәамҭақәа" ҳәа хьӡыс иаҭаны. Уи ашьҭахь алаф ажанр иаҵанакуа анаҩстәи ҭыжьымҭахеит зыӡбахә ҳамоу ашәҟәы. Абар актәи аизга иагәылоу "Уфара шԥаҟоу" захьӡу Гьаргь Габечиа иҳәамҭақәа руакы.

"Дәрыԥшь ақыҭан инхо Ҷықь есқьынагь алафи ахәмарреи бзиа избо, цәгьароума-бзиароума Гьаргь данибалакь аԥсшәа наиаҳәаны, нас дналагон:

- Гьаргь, угәабзиара шԥаҟоу? Уфара шԥаҟоу? – абри акәын дызҿӡаз еснагь.

Роман Сабуа. - Sputnik Аҧсны
Сабуа: алаф – ҳгәы казмыжьуаз, ҳаԥсҭазаарақәа еиқәзырхоз ак акәны иҟан

Ҽнак иахьеиқәшәаз ҭыԥк аҿы аԥсшәақәа анааибырҳәа, Ҷықь Гьаргь ииҭаз азҵаара наииҭахт.

- Гьаргь игәы анԥҵәаӡа, есқьынагь дааҟәымҵӡакәа ииҭоз азҵаара шҿхырцәажәараз идыруан азы – уара, Ҷықь, уан аҩны дыҟоу? – дҵааит.

- Ааи, дыҟамкәа, - аҭак ныҟаиҵеит Ҷықь, ицәа акы алашәаны.

- Ус акәзар, шьыбжьышьҭахь кәтык аашьны схәы ҟаҵаны, уан думаны аҩны шәнеир, ҳнеидтәаланы ҳазхарагьы ҳцәажәон, нас ани угәы иалоу сыфара зеиԥшроугьы убарын, уангьы сгәабзиара шыҟоугьы гәалҭарын, - иҳәеит Гьаргь Габечиа".

Гьаргь Габечиа иԥсҭазаареи илаф ажәабжьқәа реидкылареи кыршықәса раахыс знапы алаку Леонид Хыгә-иԥа иажәақәа рыла, аизга иагәылалаз аматериал алафҳәаҩ икәша-мыкәша иҟаз ауаа ргәалашәарақәа рыла ишьақәыргылан. Уажәаабыкьа иҭыҵраны иҟоуп аҩбатәи аизга, "Гьаргь Габечиа иҩызцәеи иареи рлаф ажәабжьқәа" ҳәа хьӡыс изоууа. Уа иагәылалоит Сергеи Лад-иԥа Зыхәба иԥсҭазаара иалҵра дук агымкәа ииҩыз акритикатә статиагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0