"Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы" Акт 20 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский флаг. Архивное фото.
Абхазский флаг. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 12, 1999 шықәса рзы "Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы" Акт ирыдкылаз Акт иазкны игәаанагара иҳәоит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Жьҭаарамза 12, 1999 шықәса рзы , 20 шықәса раԥхьа Аԥсны Жәлар рпарламент аизараҿы ирыдыркылеит "Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы" Акт. Аҭоурых аҿы еиуеиԥшым аполитикатә хҭысқәа ҟалахьеит, еиҳарак раԥхьа Акт рыдыркылоит, анаҩс аконституциа ала ишьақәдырӷәӷәоит. Ҳара ҳҟны иҟалаз аҽыԥсахрақәа ртәы дазааҭгылоит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.

Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ахақәиҭра иасимволу: ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ аҭоурых

"Раԥхьа Аконституциа ҳадаҳкылеит 1994 шықәсазы, хәышықәса ааҵуаны ауп Акт анҳадаҳкыла. Акт удумкыларгьы ҟалоит, Аконституциаҿы аҳәынҭқарра астатус ануп, "Зхы иақәиҭу, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп"- ҳәа. Актгьы ишьақәнарӷәӷәо иану уи ауп: "Ҳарҭ еиҭах ишьақәҳарӷәӷәоит иагьрылаҳҳәоит ҳҳәынҭқарра Ахьыԥшымра", - ҳәа азгәеиҭоит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор.

Аконституциа Аԥсуа ҳәынҭқарра иаднакылеит, аха акәша-мыкәша иҟаз агеополитикатә хәмаррақәа ирыбзоураны, Аԥсны аҿахәы ахала иара иаҳәон аха, агәра згоз даара имаҷын.

"Усҟан аиҿцәажәарақәа цон Қырҭтәылеи Аԥсынтәылеи рыбжьара Урыстәыла абжьаҟазарала. Урыстәыла Қырҭтәыла иадгыланы, адунеи зегьы дара ирыдгыланы Аԥсны иақәыӷәӷәон, аибашьраҿы игаз ахақәиҭра мап ацәнакразы, убас еиԥш аҭагылазаашьа ыҟан. Уи аҩыза аҭагылазаашьа шыҟазгьы, Аԥсны усҟантәи аиҳабыра ргәымшәара иабзоураны Аконституциа ҳадаҳкылеит ҳхы ҳақәиҭуп ҳәа иахьаныз", - иҳәеит Аслан Аҩӡба.

1999 шықәса рзы агеополитика аҽыԥсахра иалагахьан. Ҳара ҳажәлар шмаҷу еиԥш, агеополитикаҿгьы ҳҵакы маҷуп ҳәа азгәеиҭоит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор.

"Ҳакәша-мыкәша имҩаԥысуаз апроцессқәа убас иҟалеит, уаанӡа еидгыланы ҳазхәаҽуаз аҳәынҭқаррақәа дара-дара ргәы еизынхо, аполитика аганахь ала еибаҭахымкәа ацәымӷра рыбжьало иалагеит, ринтересқәа еиқәымшәо иҟалеит. Уи рхы иархәаны усҟантәи ҳаиҳабыра, раԥхьа днаргыланы усҟантәи ҳхада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибзоурала, абри Акт еиҭашьақәнарӷәӷәеит иҳамаз Ахьыԥшымра", - ҳәа азгәеиҭоит аҵарауаҩ.

Аԥсны Аконституциа анрыдыркыла ашьҭахь, Урыстәыла рхымҩаԥгашьеи, Акт анрыдыркыла ашьҭахь урҭ рхымҩаԥгара еиԥшымызт. Аконституциа анрыдыркыла ашьҭахь, аофициалла уи иамзызуп рымҳәаӡеит аха, Урыстәыла аблокада ҳҭанакит. Абҵарамзазы Аконституциа рыдыркылеит, ԥхынҷкәынмзазы аблокада иалагеит.

Олег Дамения - Sputnik Аҧсны
Арадио
Дамениа 40 шықәса раԥхьа Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылаз аконституциа иазкны

"Чечентәыла аибашьра иахьдырԥшит аха, еиҳарак изыхҟьаз ҳармазҵааӡакәа Аконституциа ахьҳадаҳкылаз ауп. Хәышықәса рнаҩс, Ахьыԥшымразы Акт анҳадаҳкыла ашьҭахь, уи аҩыза ахҭыс ҟамлаӡеит. Уимоу иара Акт ҳадаҳкылаанӡа цәыббрамзазы аблокада зыӡбахә ҳҳәаз аԥыхразы аӡбара ҟарҵеит. Аофициалла ирыӡбаз практикала аусура ианалага Акт анҳадаҳкыла ашьҭахь ауп. Жьҭаарамза 20 рзы, Ԥсоу аҳәаа иахысыр ҟамлоз 16 шықәса инаркны 60 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз азин роуит", - ҳәа азгәеиҭоит Аслан Аҩӡба.

Ари ахҭыс иаҳнарбоит Аконституциеи Акти, аҩдокументк рыдкылара аамҭазы аҭагылазаашьа аҽшаԥсахыз атәы.

"Аха, Урыстәыла Аԥсны аганахь ала азыҟазаашьа аԥсахра зыхҟьо адунеи зегьы аҿы имҩаԥысыз ахҭысқәа роуп. Раԥхьа инаргыланы Қырҭтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыԥхасҭахара, рыуадаҩхара ауп, еиҳаракгьы Қырҭтәыла Америка ашҟа Нато ахь ахьаԥшра иахьалагаз. Ҳара ҳмаҷуп, аха аполитика ду аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа анырра ӷәӷәа ҳарҭоит, убри ала иаҳбаратәы иҟоуп", - иҳәеит Аҩӡба.

Аслан Авидзба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба "Аԥсны иамам азин Қырҭтәыла алҵра" ҳәа аконституциа адкылара иазкны

Ирыдыркылаз Акт ахҳәаа азыҟаҵауа, аҭоурыхҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба иазгәеиҭоит, Аконституциа ианымыз, иҿыцыз акагь шыҟамлаз. Аха, иазгәаҭатәу усуп, жьҭаарамза 3 рзы имҩаԥысыз Ареферендум аҿы ишықәгылаз азҵаара: "Аконституциа шәышԥазыҟоу, шәақәшаҳаҭума, шәақәшаҳаҭуму?" - ҳәа, Аԥсны ахы иақәиҭуп ҳәа ахьаныз инамаданы. 99% инарзынаԥшуа ажәлар зыбжьы зҭииз ҳақәшаҳаҭуп рҳәеит.

Ареферендум аҿы иҟалаз алҵшәақәа ирыбзоураны ирыдыркылеит Акт. Аконституциаҿы Аҳәынҭқарра ахы иақәиҭуп ҳәа иану акрызҵазкуа азгәаҭа, ахақәиҭра ҳазҭо, убри ашьақәырӷәӷәароуп хықәкыс иамаз Акт адкыларагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0