Амилаҭтә банк 2019 шықәса нҵәаанӡа аԥсар ҿыцқәа быжьба ҭнажьуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНацбанк
Нацбанк  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсар ҿыцқәа рызкхоит атәылаҿ иналукааша аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, Кавказ ажәларқәа рмилаҭ маҭәа, рабџьархк.

АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik, Бадри Есиава. Амилаҭтә банк 2019 шықәса нҵәаанӡа аԥсар ҿыцқәа быжьба ҭнажьуеит ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Хара имгакәа Амилаҭтә банк иӡырнагараны иҟоуп аԥсарқәа хԥа "Аԥсны иналукааша ахаҿқәа" асериа аҟынтәи – "Сергеи Багаԥшь", "Ефрем Ешба", "Таиф Аџьба". Уи адагьы ҳара иӡырҳгараны ҳаҟоуп асериа ҿыц "Кавказ ажәларқәа рцәамаҭәеи рабџьахки", - еиҭеиҳәоит Бараҭелиа.

Аԥсар "Сергеи Багаԥшь" (автор Руслан Габлиа) ихьӡырку аразны иалххоит, атираж 1000 цыра. Аразны ԥсарқәа "Ефрем Ешба", "Таиф Аџьба" атиражгьы 100 цырак иҟалоит. Авторцәа - Тимур Ҟаитани Баҭал Џьапуеи.

Аԥсарқәа раахәара ҟалоит Аԥсны акоммерциатә банкқәа рҿы. Рыхәԥса абанкқәа иқәдыргылоит.

Асериа "Кавказ ажәларқәа рмилаҭ маҭәа, рабџьархк" 2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы иҭыжьхоит. Бараҭелиа иҳәеит ари аидеиа авторс иамоу иара шиакәу.

Памятная монета Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны
Аԥсар "Аԥсуаа рышәҩык" иазку астатиа кьыԥхьуп англиатәи журнал "Coin News" аҿы

"Аидеиа ансызцәырҵ ари атематика бзианы еилзырго асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа иасҳәеит. Иара сидеиа дадгылеит, аескизқәагьы иаарласны ирхиеит. Урҭ уажәы Урыстәыла "Гознак" аҿы иҟоуп. Иахьынӡаадыруала ԥхынҷкәын иахымгакәа ирхиахоит", - еиҭеиҳәеит Бараҭелиа.

Асериа "Кавказ ажәларқәа рмилаҭ маҭәа, рабџьархк" атиражгьы шә-цырак ҟалоит. Арҭ аԥсарқәа рыдагьы аус рыдулара иаҿуп аҽа ҩ-ԥсарк.

"Ҳара иаҳгәиҭоуп Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә республикақәа рҟынтәи аибашьцәа рхаҿқәа зныԥшуа аԥсарқәа рҭыжьра. Ҳгәаанагарала уи Аԥснеиԥш анҭыҵгьы аинтерес ду аиуеит", - иҳәеит Амилаҭ банк ахантәаҩы.

2020 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп ареспублика аԥсабара иазку аԥсарқәа рҭыжьра. Бараҭелиа иажәаәқа рыла асеиԥш иҟоу аԥсарқәа аҳәаанырцәтәи анумизматцәа рыбжьара аинтерес роуеит.

"Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа раан изныкымкәа абри азҵаара ҳарҭахьан. Убри инадҳәаланы Амилаҭтә банк аӡбра аднакылеит аԥсар еидкылақәа ҩба рҭыжьра. Ԥсар еидкылацыԥхьаӡа быжьба-быжьба монета рыла ишьақәгылоит" , - иҳәеит Беслан Бараҭелиа.

Ари апроект анагӡараан ацхыраар ҟарҵеит аԥсуа ҵарауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0