Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы ҭрыжьит Амилаҭтә банк аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы ҭрыжьит Амилаҭтә банк аҿы
Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы ҭрыжьит Амилаҭтә банк аҿы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых" аздырхиеит Асҭамыр Ҭаниеи Ибрагим Чкадуеи. Ашәҟәы атираж 500 цыра ыҟоуп.

АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Абанк аԥшьгаралеи адгыларалеи иҭыжьуп ашәҟәы "Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых" ҳәа Sputnik  иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Нацбанк  - Sputnik Аҧсны
Амилаҭтә банк 2019 шықәса нҵәаанӡа аԥсар ҿыцқәа быжьба ҭнажьуеит

"Аԥсны аԥара ахархәара аҭоурых атәы даара имаҷҩны ишырдыруаз аабеит. Иҳазцәырҵит агәаанагара - абри атема иазкны ашәҟәы аҭыжьра. Асҭамыр Ҭаниеи Ибрагим Чкадуеи ирыдаагалеит Аԥсны аԥара аҟазаара ретроспективатә анализ аздырхиарц", - иҳәеит Бараҭелиа.

Иара иазгәеиҭеит ашәҟәы аҭирҭахь ишнагамхо. Аиҳарак ҳамҭатә ҟазшьоуп иамоу. Апроект иахықәкы хадоу ареспублика аҵакыраҿы еиуеиԥшым аамҭақәа раан аԥара ахархәашьа аҭоурых ауаа рзеиҭаҳәароуп.

"Ашәҟәаҿы ирацәоуп аиллиустрациатә материал, еиуеиԥшым амузеиқәа, аҭыжьырҭақәа, ахатә коллекциақәа рҟынтәи еизго. Ари раԥхьатәи ԥышәароуп" ҳәа иҳәеит Аԥсны Абанк ахантәаҩы.

Бараҭелиа игәаанагарла ашәҟәы аҟазауаа рзы аинтерес ду аманы иҟоуп избанзар уа еизгоуп Аԥсны ҳера ҟалаанӡа VI - V ашәышықәсақәа инадыркны иахьатәи аамҭанӡа ахархәара зырҭоз аԥара хкқәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны Абанк аԥшьгаралеи адгыларалеи иҭыжьуп ашәҟәы "Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых"
Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы ҭрыжьит Амилаҭтә банк аҿы - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Абанк аԥшьгаралеи адгыларалеи иҭыжьуп ашәҟәы "Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых"

Асеиԥштәи адыррақәа иаадырԥшуеит Аԥсны жәларбжьаратәи ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа аханатәгьы ишрылахәыз.

Аԥсны аԥара аҭоурых аларҵәаразы Амилаҭтә банк иазыԥхьагәанаҭоит Аԥсны Абанк аԥара амузеи аартра. Аекспонатқәеи аматериалқәеи реизгараан аԥшаах рацәа ҟаҳҵеит ҳәа иҳәеит Бараҭелиа.

© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны Абанк аԥшьгаралеи адгыларалеи иҭыжьуп ашәҟәы "Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых"
Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы ҭрыжьит Амилаҭтә банк аҿы - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Абанк аԥшьгаралеи адгыларалеи иҭыжьуп ашәҟәы "Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых"

Аԥсны Абанк аԥара амузеи аҟны ицәыргахоит ижәытәуи иахьатәии амонетақәа реиԥш атәылаҿ ахаангьы ахархәара змаз аԥаратә дыргақәагьы. Аколлекциа аамҭа-аамҭала ихарҭәаалахоит.

"Амузеи шааҳартуа заҳауа ауааԥсыра рҟынтәи ирацәаҩуп ажәыәт монетақәа ҳаазырхәарц иҳадҵаало. Убас ааигәа иааҳхәеит Аԥсны ҳера ҟалаанӡа I ашәышықәсазы иҭыжьызи ҳара ҳера I ашәышықәсаан иҭыжьызи амонетақәа", - еиҭеиҳәоит Бараҭелиа. Иахьазы еизгоуп 150-200 експонат. Амузеи аҿы имҩаԥгахалоит аҭыԥантәии аҳәаанырцәтәии ҟазауаа рзы алекциақәа. Ара раахәара алшоит 2008 шықәса раахыс Аԥсны Абанк иҭнажьхьо аԥсарқәа".

Бараҭелиа иҳәеит апроект шкоммерциатәым, аԥарарҳара ишазырхиам. Апроект ззырхоу ижәытәӡатәиу ҳҭоурых аарԥшроуп.

Амузеи аиҿкааразы Амилаҭтә банк ахатә ԥара 8-миллионк ахҭнаҵеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук Аԥсны Абанк аԥшьгаралеи адгыларалеи иҭыжьуп ашәҟәы "Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых"
Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы ҭрыжьит Амилаҭтә банк аҿы - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Абанк аԥшьгаралеи адгыларалеи иҭыжьуп ашәҟәы "Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых"
Ажәабжьқәа зегьы
0