Аԥсны Амилаҭтә банк аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит

© Sputnik / Илона ХварцкияКарты "Апра"
Карты Апра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа ареспублика аԥарашәаратә система "АԤРА" ҳазҭоу ашықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ҟаиҵеит.

2019 шықәса ҳазҭоу амзанӡа Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә инфраструктура ахархәарала имҩаԥгоу аоперациақәа 11 миллиард 82 миллион мааҭ дыртәеит. Ари 19,2% рыла еиҳауп 2018 шықәса иаҿурԥшуазар.

Бадри Есиава, Sputnik

Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа иажәақәа рыла, 2019 шықәсазы Амилаҭтә ԥарашәаратә система шеизҳаз атәы узырбо арбагақәа рҽышьҭырхит.

аԥарашәаратә система Мир - Sputnik Аҧсны
Аԥарашәаратә система "Мир" ахархәара арҭбаауеит

Инапынҵадоу ахшәаара ахышәа-ҵышәа акәзар, ашықәс ах-ԥшьбарак ирҭагӡаны аоперациақәа идыртәеит миллиардки 971 миллион мааҭ, 2018 шықәсазтәи арбагақәа ирыҿурԥшуазар, 43,3% ишьҭыҵит.

Беслан Бараҭелиа ари зџьишьо атуристцәа еиҳа иахьырҭыԥу POS-терминалқәа рхыԥхьаӡара ахьеиҳартәыз ауп.

2019 шықәса жьҭаарамзанӡа 435 POS-терминал ықәыргылоуп. Иахьазы ареспубликаҿы урҭ рхыԥхьаӡара 1700 цыра ыҟоуп.

"Иҟоуп аҽа тенденциакгьы. Урыстәылатәи ахсаалагақәа рыла имҩаԥырго аоперациақәа рыструктура уахәаԥшуазар ҩба-хԥа шықәса раԥхьа 90% апорерациақәа абанкоматқәа рҟны аԥараҭыгара акәын имҩаԥыргоз, 10% ареспубликаҿтәи аԥарашәара мҩаԥнагон. Уажәы ари аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Абанкоматқәа ирҭырго аԥара 55-60% илаҟәит", - иҳәоит Бараҭелиа.

Иара иазгәеиҭеит атауарқәа рыхәшәаразы POS-терминалқәа рхархәараан акомиссиа шахырымхуа.

Напынҵадатәи аԥарашәара акультура шеизҳауагьы, "АԤРА" ала имҩаԥырго аоперациақәа 97% аԥараҭыгароуп иззырхоу. Есымза абанкоматқәа рҟынтәи миллиард мааҭ ргоит.

Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы ҭрыжьит Амилаҭтә банк аҿы>>

2019 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны аԥарашәаратә система "АԤРеи" урыстәылатәи аԥарашәаратә система "Мир"-и еиныруа иалагеит. Ахсаалага "МИР" ахархәара ахьамоу адунеи атәылақәа зегьы рыҟны ахархәара аиулоит "АԤРА"-гьы.

"АԤРА" ахархәара аиуеит уажәшьҭарнахыс Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Ермантәыла реиԥш егьырҭ атәылақәа рҟынгьы, уа ахсаалага "Мир" аус ауазар. Уи алшара унаҭоит ареспублика анҭыҵгьы абанкоматқәа рҿы аԥараиура. Ари ауааԥсыра рзы ишьахәу ҭагылазаашьоуп. Урыстәылатәи ахсаалагақәа раахәарагьы аҭахымкәа иҟалоит.

"Мир" — урыстәылатәи амилаҭтә ԥарашәаратә системоуп. Аԥарашәара мҩаԥысуеит амилаҭтә валиутала.

Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" аԥҵан 2012 шықәса рзы, ҳаамҭазтәи абанктә маҵзурақәа рхархәарази аԥарашәаратә инфраструктура аизырҳарази.

Бараҭелиа иазгәеиҭеит "АԤРеи" "Мир"-и реинырра актәи аетап шазырхаз урыстәылатәи ахсаалагақәа Аԥсны рхархәара. "Мир" змоу Урыстәыла атәылауаа Аԥсны ирылшон абанкоматқәа рҟынтәи рԥара аҭгара.

Аԥсныи Урыстәылеи рмилаҭтә ԥарашәаратә системақәа рыбжьара аинырразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2018 шықәса ԥхынгәы 11 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0