Ансамбль "Гәында" адыга музыка афестиваль иалахәхоит

© Sputnik / Сария КварацхелияАнсамбль "Гәында"
Ансамбль Гәында - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
V Жәларбжьаратәи адыга инструменталтә музыка афестиваль "Ушәаҳәа, адыга мырзакан" мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 17 - 18 рзы Шәача.

АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Авокал-инструменталтә ансамбль "Гунда" V Жәларбжьаратәи адыга инструменталтә музыка афестиваль "Ушәаҳәа, адыга мырзакан" иалахәхараны иҟоуп ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит аколлектив анапхгаҩы, Аԥсны жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа.

"Ҳколлектив раԥхьаӡа акәны абри афестиваль иалахәхоит. Аиҿкааҩцәа адырра ҳарҭеит ашәак анагӡара шахәҭоу, ҳаргьы Таиф Аџьба иажәеинраала иалху ашәа "Аҷандараҟа даагоит" (амузыка Оҭар Хәынцариа) алаҳхит", - лҳәоит лара.

Роза Чамагәуаԥҳа иазгәалҭеит жәларбжьаратәи афестивальқәа рылахәхара Аԥсны амилаҭтә культура аӡыргаразы ишыцхыраагӡа дуу.

Роза Чамагуа. - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаа ргәалашәарақәа: "Гәында" иабзоураны аԥсуа ашәақәа ҳҵеит

"Акраҵанакуеит адыгақәа, ашаԥсыӷцәа рнырра. Ҳара жәларык шҳакәыз аарԥшра алшоит ашәаҳәара, акәашара рхархәарала", - лҳәоит Роза Чамагәуаԥҳа.

Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" аԥҵан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны 1977 шықәса рзы. Абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны ансамбль "Гәында" Урыстәыла, Украина, Абжьаратәи Азиа, Нхыҵ Кавказ, Ҭырқәтәыла рҟазара ддырбеит.

Ансамбль алахәылацәа ашәаҳәара адагьы иадырҳәоит амилаҭ инструментқәа: аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр, адаул, аҟьаԥ-ҟьаԥ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0