"Амзаҿа" Лоо имҩаԥысуаз афестиваль аҿы актәи аҩаӡара аԥхьахә анашьахеит

© Фото : Ольга ДенисоваТанцевальный ансамбль "Амзача"
Танцевальный ансамбль Амзача  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи ахореографиатә коллектив "Амзаҿа" ԥхынҷкәын 22 2019 шықәса рзы Гәылрыԥшьтәи акультуратә Хан аҿы аҳасабырбатә концерт мҩаԥыргараны иҟоуп.

АҞӘА, жьҭаара 29– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ахореографиатә коллектив "Амзаҿа" I аҩаӡара аԥхьахә аиуит XVII Жәларбжьаратәи аконкурс-фестиваль "AKVA-TEMP+" аҟны ҳәа еиҭалҳәеит аколектив анапхгаҩы Ольга Денисова.

"Ҳара ҳаамҭазтәи ахореографиа ҳнапы алакуп. Аномерқәа ҩба ықәҳаргылеит. Актәи амодерн астиль иаҵанакуан "Настроение чоко" ахьӡын, аҩбатәи - хип-хоп еиҳа иатәын, "Пусть весь мир подождет" ахьӡын", - еиҭалҳәоит Денисова.

Лоо Ольга Денисова аԥхьахә ҷыда ланаршьеит, аноминациа "Лучший руководитель" даҵаркны. Аколлектив "Амзаҿа" аԥҵан 2015 шықәса рзы Аҟазараз ахәыҷтәы школ №1 аҟны. Уажәы уи зхала иқәгыло коллективуп.

"Иахьазы 50-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ҳамоуп. Аиҳарак ареспубликатә еицлабрақәа роуп ҳазлахәу. Ҵыԥх ҳколлектив аиҳабыратә гәыԥ Москватәи аицлабрақәа руак аҿы II аҩаӡара иалауреатцәахеит", - лҳәоит Денисова.

Денисова лажәақәа рыла ԥхынҷкәын 22 2019 шықәса рзы Гәылрыԥшьтәи акультуратә Хан аҿы аҳасабырбатә концерт мҩаԥыргараны иҟоуп.

2020 шықәса рзы Гәыбаа адәаҿы имҩаԥгахоит Жәларбжьаратәи акәашаратә лагер. Уахь инеиуеит Урыстәыла, ЕАА, Аладатәи Африка атәылақәа, Австралиа рхаҭарнакцәа. "Амзаҿа" ҩынтәуп ари алагер иалахәхоижьҭеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Акәашаратә ансамбль "Амзаҿа" Москва аконкурс аҟны аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0