Атәанчаҩцәа хаз иго ркатегориақәак рзы ашәарақәа шьҭырхуеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыдача пенсий
Выдача пенсий  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асовет ар ринвалидцәа актәи агәыԥ иатәу ртәанчахәы 4500 мааҭ ацлоит, иагьыҟалоит 5500 мааҭ. Аҩбатәи агәыԥ иаҵанакуа ртәанчахәы 4300 мааҭ рҟынтәи 5000 мааҭ рахь ихаргалоит. Ахԥатәи агәыԥ иаҵанакуа - 4200 мааҭ рцынхәрас 4700 мааҭ роуа иалагоит.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент адепутатцәа ибзиоуп ҳәа ахырҳәааит атәанчаҩцәа хаз иго ркатегориақәак рзы ашәарақәа рышьҭыхра. Абри атәы ааицҳауеит Sputnik Аԥсны акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Азакәан апроект адгалара ҟаиҵеит Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент аҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.

Азакәан апроект иаҵанакуеит 2587-ҩык атәанчаҩцәа. Урҭ рҟынтәи ҭынха дызмам аиаҭымцәа – 123-ҩык, ихәыҷаахыс ихымхәо – 2426-ҩык, Асовет ар ринвалидцәа – 38 –ҩык.

Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент адепутат Леонид Чамагәуа аҳәара ҟаиҵеит ихәыҷаахыс ихымхәо I агәыԥ иаҵанакуа ртәанчахәы 2500 мааҭ рҟынтәи 3000 мааҭ рахь ихаргаларц, ихәыҷаахыс ихымхәо II агәыԥ иаҵанакуа ртәанчахәы 2300 мааҭ рҟынтәи 2500 мааҭ рахь ихаргаларц.

Бухгалтерия  - Sputnik Аҧсны
Акы ацынхәрас хԥа: Апарламент аҿы ахәцҵаз ашәахтә иалацәажәон

Азакәан апроект иазыԥхьагәанаҭоит ҭынха дызмам ртәанчахәы зықь мааҭ ацырҵарц (убри ала атәанчахәы 4000 мааҭ ҟалоит).

Ихәыҷаахыс ихымхәо 16 шықәса зхымҵыц ртәанчахәы зықь мааҭ ацырҵоит, х-нызқьмааҭгьы шьақәнартәоит. Аҽа ҳәынҭқаррак атәанчахәы рмоуазар аҽа 500 мааҭ ацлоит.

Асовет ар ринвалидцәа актәи агәыԥ иатәу ртәанчахәы 4500 мааҭ ацлоит, иагьыҟалоит 5500 мааҭ. Аҩбатәи агәыԥ иаҵанакуа ртәанчахәы 4300 мааҭ рҟынтәи 5000 мааҭ рахь ихаргалоит. Ахԥатәи агәыԥ иаҵанакуа - 4200 мааҭ рцынхәрас 4700 мааҭ роуа иалагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0