"Поэзия отражений": Денис Чачхалиа ишәҟәы ААУ аҿы иӡырыргоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Чачхалиа.
Денис Чачхалиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Денис Чачхалиа ишәҟәы "Поэзия отражений" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аӡыргара мҩаԥгахоит абҵара 7 асааҭ 11:30 рзы.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Денис Чачхалиа иеиҭагамҭақәа реизга "Поэзия отражений" аӡыргара мҩаԥгахоит абҵара 7 рзы.

"Арҭ сеиҭагамҭақәа реизга сыԥсҭазаара ахәҭак иадҳәалоуп. Аиҭагара, иара апоезиа ахаҭеиԥш, снапы аласкит Алитературатә институт санҭаз аамҭазы. Уинахысгьы абри аус сшазхьаԥшыц сазхьаԥшуеит", - иҳәоит Денис Чачхалиа.

Чачхалиа ҩ-бызшәак рыла иҩуа авторуп. Ашәҟәаҿы еизгоуп аԥсшәаҟынтә аурысшәахь иеиҭагоуи аурысшәахьынтә аԥсшәахь еиҭагоуи арҿиамҭақәа.

Ашәҟәы иагәылоуп ақырҭшәаҟынтәи аурысшәахь ма анемец бызшәаҟынтәи аԥсшәахь еиҭагоу арҿиамҭақәагьы.

"Сара исҭахын аиҭагара ажанр азхьаԥшра аиурц. Асахьаркыратә мацара адагьы егьырҭ аформақәагьы. Иахьа Аԥсны зых иақәиҭу суверентә ҳәынҭқарроуп. Иара аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии политиказы аиҭагамҭақәа акыр ихәарҭоуп", - иҳәоит Чачхалиа.

Уи адагьы аԥсуа бызшәа аиқәырхаразы асахьаркыратә еиҭага аҵак ду аманы ишьоит Денис Чачхалиа.

Денис Чачхалиа иеиҭагамҭақәа реизга "Поэзия отражений" аӡыргара амҩаԥгарахь инаԥхьоуп арҿиаратә еилазаарақәа, аҭҵаарадырратәи акультуратәи усбарҭақәа, АИХ рхаҭарнакцәа, апоезиа абзиабаҩцәа.

Денис Чачхалиа – профессионалтә шәҟәыҩҩуп-еиҭагаҩуп. 1973 шықәса рзы далгеит Горьки ихьӡ зху Алитературатә институт асахьаркыратә еиҭагара аҟәша Лев Озеров исеминар аҟны. Фазиль Искандер иҟны аурокқәа дырхысуан. Аиҭагамҭақәа реизга "Поэзия отражений" еиднакылоит аԥсуа, аурыс, ақырҭуа, анемец, литватәи апоетцәа рырҿиамҭақәа реиҭагақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0