Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа

Анапаҵаҩра
Абҵара 5 1967 шықәса рзы иаартын акурорттә комплекс Пицунда. Акомплекс иаҵанакуан 14-еихагыла иҟаз асасааирҭақәа быжьба.

Никита Хрушьиов

© AP PhotoЦК КПСС актәи амаӡаныҟәгаҩ Никита Хрушьиов
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа - Sputnik Аҧсны
ЦК КПСС актәи амаӡаныҟәгаҩ Никита Хрушьиов

ЦК КПСС актәи амаӡаныҟәгаҩ Никита Хрушьиов 1964 шықәса, жьҭаарамзазы Пицунда иԥсы анишьоз ауп Кремль иҟамзаара рхы иархәаны имаҵура дшамырхыз шиаҳаз.

Леонид Брежневи Жорж Помпидуи

© Sputnik / Юрий Абрамочкин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСССРи Франциеи рхадацәа Леонид Брежневи Жорж Помпидуи реиԥылара Пицунда
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа - Sputnik Аҧсны
СССРи Франциеи рхадацәа Леонид Брежневи Жорж Помпидуи реиԥылара Пицунда

СССРи Франциеи рхадацәа Леонид Брежневи Жорж Помпидуи реиԥылара Пицунда имҩаԥысит хәажәкыра 12 1974 шықәса рзы. Аиԥылара АИХ рыларҵәаразы арахь иааит адунеи зегь аҟынтәи 150 –ҩык ажурналистцәа.

Владимир Высоцки

© Sputnik / Галина Кмит / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВладимир Высоцки
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа - Sputnik Аҧсны
Владимир Высоцки

Владимир Высоцки ареспубликахь изныкымкәа даахьан. Пицундеи Аҟәеи рыҟазаараан Владимир Высоцкии Марина Владии еицҭырхуаз афотосахьақәа 1972, 1973 шықәса ҳәа рыҵаҩуп.

Иван Аивазовски

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсахьаҭыхыҩ Иван Аивазовски Пицунда
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхыҩ Иван Аивазовски Пицунда

Асахьаҭыхыҩ Иван Аивазовски Пицунда иԥсшьара ашьҭахь иҭихыз асахьа иахьӡиҵеит "Аԥсны амшынҟәара ааигәара аԥшатлакә" ҳәа. Асахьаҭыхыҩ ара иаирбеит аурыс аибашьыгатә ӷба ачерқьез шхәа аанкыланы аҭыԥҳацәа аҭырқә тҟәара ианацәындырхоз ахҭыс.

Евгени Примаков

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Евгени Примаков
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа - Sputnik Аҧсны
Евгени Примаков

Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра рхантәаҩы Евгени Примаков 11.09.1998-12.05.1999 шықәсқәа рзы Пицунда иԥсы ишьон.

Сергеи Михалков

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНикита Михалков
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа - Sputnik Аҧсны
Никита Михалков

Урыстәыла агимн автор Сергеи Михалков изныкымкәа Пицундаҟа даахьан. Иара убасгьы арахь изныкымкәа иаахьан иԥацәа - Никита Михалкови Андрон Кончаловскии.

Лиудмила Гурченко

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСССР жәлар рартистка, аестрадатә шәаәҳаҩы Лиудмила Гурченко
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа - Sputnik Аҧсны
СССР жәлар рартистка, аестрадатә шәаәҳаҩы Лиудмила Гурченко

СССР жәлар рартистка, аестрадатә шәаәҳаҩы Лиудмила Гурченко Пицунда лыԥсшьара адагьы арҿиаратә хәылԥазқәагьы мҩаԥылгахьан. 2010 шықәса рзы акинофестиваль "Страна души" ицымҩаԥылгон Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа.

Раԥхьатәи акинофестиваль "Страна Души" аартын 2008 шықәса рзы. Абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны арахь иааит: Михаил Пореченков, Гоша Куценко, Никита Джигурда, Андреи Соколов, Лев Дуров, Анатоли Кузнецов, Илона Броневицкаиа, Иана Поплавскаиа, Ольга Кормухина, Андреи Мерзликин, Олег Акулич, Павел Сборшьиков, Евгени Воскресенски, Александр Цуркан, Борис Грачевски.

Евгени Евтушенко

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсовет поет, асценарист, апублицист Евгени Евтушенко
Адунеиаҿ еицырдыруа ауаа – Пицунда асасцәа - Sputnik Аҧсны
Асовет поет, асценарист, апублицист Евгени Евтушенко

Асовет поет, асценарист, апублицист Евгени Евтушенко Пицунда иԥсшьара адагьы Аԥсны адача иман. Ароуп раԥхьатәи рҭаацәаратә мзы ахьеицырхыргаз Евгени Евтушенкои Белла Ахмадулинеи 1954 шықәса рзы.

Пицунда инхо Иури Ҭориа иажәақәа рыла ара рыԥсы ршьахьан: Анне Вески, Полад Биульбиуль-оӷлы, Иосиф Кобзон.

Ажәабжьқәа зегьы
0