Ахәыҷтәы "Нарҭ" Дагомыс атурнир аҿы аиааира агеит

© Foto / Ираклий КацияАхәыҷтәы "Нарҭ" Дагомыс атурнир аҿы аиааира агеит
Ахәыҷтәы Нарҭ Дагомыс атурнир аҿы аиааира агеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы атурнир "Dagomys-cup" мҩаԥысуан Дагомыс, жьҭаара 31 инаркны абҵара 5 рҟынӡа. Атурнир иалахәын акомандақәа ааба.

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахәыҷтәы шьапылампылтә клуб "Нарҭ" ашьапылампыл азы атурнир "Dagomys-cup" аҟны аиааиҩы ихраҿа ранашьахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит акоманда азыҟаҵаҩ Иракли Кациа.

"Аиԥыларақәа акыр иуадаҩын. Аиҳаракгьы шәачатәи акоманда ацыхәмарраан. Актәи аиԥылараан 4:3 ҳәа ҳаҵахеит, аха афинал ахь анеира ҳалҳаршеит. Афинал аҿы 2:0 ҳәа аиааира аагеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит азыҟаҵаҩ.

Кациа иҳәеит шәачатәи акомандеи дареи раԥхьа еиқәшәеит 2019 шықәса аԥхынразы ҳәа. Усҟан аҟәаа апенальти ала аиааира ргеит.

"Сара аиндаҭлара ҭынчрала имҩаԥысындаз ҳәа сыҟан. Еибарххарак ҟалар ҳәа сшәон. Аха, анцәа иџьшьаны, зегь маншәаланы имҩаԥысит", - иҳәеит Кациа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәыҷтәы "Нарҭ" Дагомыс атурнир аҿы аиааира агеит
Ахәыҷтәы Нарҭ Дагомыс атурнир аҿы аиааира агеит - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷтәы "Нарҭ" Дагомыс атурнир аҿы аиааира агеит

Атурнир иалахәын Шәача, Дагомыс, Санкт-Петербург, Мордовиа, Саранск, Аԥсны 2010 шықәса рзы ииз рхаҭарнакцәа. "Нарҭ" ажәылаҩ Лука Кәарҷиа быжь-мпылк амба иҭаиршәит, иреиӷьу ажәылаҩ ҳәагьы ахьӡ даԥсахеит.

Иракли Кациа иажәақәа рыла, аклуб афинанстә цхыраара аиҭеит атәыла ахада.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0