Рауль Ҳаџьымба Адыгатәылаҟа дцараны дыҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба
Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 7 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Адыгатәыла даҭаауеит мышктәи аусуратә ныҟәарыла. Адыгатәыла иҟазаараан Рауль Ҳаџьымбеи Мурат Кумпилови еиԥылоит.

АҞӘА, абҵара 7– Sputnik. Абҵарамза 7 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Адыгатәыла даҭаауеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Адыгатәыла анапхгара иҟанаҵаз ааҧхьарала Рауль Ҳаџьымба Ареспублика актәи Ахада Аслан Џьаримов 80-шықәса ихыҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатә далахәхоит.

Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит иара убас Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгатәыла Ахадеи реиҧылара. Рауль Ҳаџьымбеи Мураҭ Кумпилови Аҧсны Аҳәынҭқарреи Адыгеиа Ареспубликеи реизыҟазаашьақәа ирызку иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп.

Рауль Ҳаџьымба раԥхьа Адыгатәыла даҭааит 2015 шықәса рзы. Аҩбатәи - 2017 шықәса рзы.

Абри адагьы Рауль Ҳаџьымба Нхыҵ Кавказтәи атәылақәа изныкымкәа дырҭаахьеит: Ҟарачы-Черқьесск 2015, 2016 шықәсқәа рзы дыҟан, Ҟабарда-Балкариа – 2016, 2017 шықәсқәа рзы. Нхыҵ Уаԥстәыла Рауль Ҳаџьымба атәыла ахадак иҳасаб ала даҭан 2017 шықәсқәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0