Ҭабара зқәым "Аӡыхь": ажурналист Гарри Дбар игәалашәаразы

© Фото : из архива ДбарГарри Дбар
Гарри Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иԥсы ҭазар 60 шықәса ихыҵуан ажурналист Гарри Дбар. Иара аԥсуа журналистика зеиԥш азымдыруаз апроектқәа жәпакы авторс дрыман. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуа қыҭа иазку, иахьагьы азҿлымҳара ду змоу ателедырраҭара "Аӡыхь".

Аинар Ҷыҭаанаа, Sputnik

Гарри Дбар зыуаҩра ҳаракыз, ззанааҭ иазҟазаз, иҵауланы ихәыцуаз уаҩны дылгәалалыршәоит Аҟәатәи арҵаҩратә институти, анаҩс Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети рҟны аҵара ицызҵоз ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа. 1977-78-тәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысуаз аԥсуа милаҭтә хақәиҭратә қәԥара иалагылаз аҿар рхыԥхьаӡараҿы иҟан Владимир Анқәаб напхгара зиҭоз алитературатә гәыԥ. Екатерина Бебиаԥҳа леиԥш Гарри Дбаргьы уи агәыԥ иалаз дреиуан.

© Foto / из архива Гарри ДбарГарри Дбар
Ҭабара зқәым Аӡыхь: ажурналист Гарри Дбар игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Гарри Дбар

1978 шықәсазы КПСС ацентртә комитет иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны Аԥсуа телехәаԥшра анаартха, иаҭаххеит уи амаҵ азызушаз апрофессионалтә кадрқәа. Усҟан астудентцәа рхыԥхьаӡара еиҳа абаҩхатәра змоу ҳәа ргәы иззанагоз хҩык: Екатерина Бебиаԥҳаи, Гарри Дбари Зураб Аргәыни Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәшахьы ирышьҭит. Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, уа аҵара иалгаанӡа рыхҩык партак аҟны еидтәалан, апрактикатә усураҿгьы еицхыраауан, еснагь еицын.

"Гарри Дбар уамакала иҭышәынтәалаз, ҩныҵҟала аҭынчра змаз, зхы знапаҿы аагашьа здыруаз журналистын. Қарҭ ҳаҟанаҵгьы ақырҭқәа иагьараан иаҳгәамԥхоз аҭагылазаашьақәа ҳрықәдыршәон, сара иаразнак сацыҵҟьар сылшон, аха Гарри хаҵаҵас аҽынкылара аарԥшны, хшыҩ хьшәашәала азнеишьа идыруан. Убри аҟнытә ҳахҩык ҳгәыԥ аҟны иара еиҳа дгәыцәын, еиҳабҵасгьы даҳхылаԥшуан" - иазгәалҭоит Бебиаԥҳа.

Арҵаҩратә институт аҟны, анаҩс Қарҭтәи аҵараиурҭаҟны Екатерина Бебиаԥҳаи Гарри Дбари реиҩызара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон. Заа аҭаацәара иалалахьаз Гарри Дбар иԥшәмеи иареи ахшара дроуит Қарҭ аҵара аниҵоз аамҭазы. Екатерина Гьаргь-иԥҳа лажәақәа рыла, лара лоуп асаби ахьӡ изҭазгьы.

© Foto / Екатерина Бебиаԥҳа лархив аҟнытәЕкатерина Бебиаԥҳаи, Гарри Дбари Зураб Аргәыни Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәшаҿы аҵара анырҵоз
Ҭабара зқәым Аӡыхь: ажурналист Гарри Дбар игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Екатерина Бебиаԥҳаи, Гарри Дбари Зураб Аргәыни Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәшаҿы аҵара анырҵоз

Екатерина Гьаргь-иԥҳа Гарри Дбар иҩызцәа шамахамзар ирзымдыруаз иҟазшьа аган аазырԥшыз даҽа хҭыск лгәалалыршәеит. Лара лажәақәа рыла, Қарҭтәи аҵараиурҭаҿы аҭоурых амаҭәар ирзаԥхьоз аҵарауаҩ Менҭаҭашвили аԥышәара аамҭа анааи, аԥсуа студентцәа Қырҭтәыла аҭоурых аҭыԥан Аԥсны аҭоурых дразҵааит. Арҵаҩы еиуеиԥшым азҵаарақәа астудентцәа ирыҭо дшааиуаз, дазааҭгылеит аԥсуа револиуционерцәа ртемагьы.

Амиран Гамгия - Sputnik Аҧсны
Агәхьаагара зцу агәалашәара

Усҟан Гарри Дбар дҩагыланы хьыӡҳәала досу рҭоурыхқәа еиҭаҳәо, дазгәдуны Нестор Лакобагьы иӡбахә иҳәеит. Ари заҳаз ақырҭуа ҵарауаҩ, Лакоба ихьӡ аҳәара азин шәызҭада ҳәа даҿаапкырц далагазаап. Абжьааԥны зҟазшьа ҭынчыз Гарри Дбар иԥсадгьыл аҭоурых еицаркырц ишалагаз аниба инапы астол иқәкшаны игәаанагара аҵыхәанӡа ахьчара илшеит. Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, аҵыхәтәан ақырҭуа ҵарауаҩ ииҳәаз ажәақәа рзы аҭамзаара шьҭаиҵон.

Шықәсқәак рышьҭахь Нестор Лакоба ииубилеитә шықәсхыҵра инарҭбааны Аԥсны ианазгәарҭоз Гарри Дбари, Екатерина Бебиаԥҳаи, Зураб Аргәыни аҵарауаҩ Менҭаҭашвили аныҳәахь ааԥхьара изырышьҭит, аха иара дмааӡеит.

Қарҭ иҵара хыркәшаны Аԥсныҟа даныхынҳә, Гарри Дбар Аԥсуа телехәаԥшраҿы аусура далагеит. 1980 шықәса инаркны иара арадио усурахь диасит, анаҩс иара уа редактор еиҳабыс аус иуан. 2005 шықәса инаркны – Аԥсны Аҳәынҭқарратә радио редактор еиҳабыс. Далахәын 1992-93 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра.

© Foto / из архива Гарри ДбарГарри Дбар
Ҭабара зқәым Аӡыхь: ажурналист Гарри Дбар игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Гарри Дбар

Гарри Дбар арадио усзура дахашәаланы Аԥсуа телехәаԥшраҿгьы аусура иҽахьигӡон. Ҷыдала ателехәаԥшцәа ргәалашәараҿы дынзыжьыз дырраҭароуп иара ихаҭа авторс дызмоу, аԥсуа қыҭа аԥсҭазаареи абзазашьеи раарԥшра иазку адырраҭара "Аӡыхь". Ажурналист иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ари адырраҭара мҩаԥигоит Ахра Барганџьиа. Гарри Дбар ихаҭа иоуп Ахра Барганџьиа адырраҭара амҩаԥгара ҷыдала инапы ианызҵаз, занааҭла дышжурналистмызгьы.

"Сара сзы ари аиԥш аус напы аркра ҭакԥхықәра дуун, дунеихаан схахьгьы имааицызт, аха Гарри Дорофеи-иԥа ихаҭа дансыҳәа, мап сзымкит. 2012 шықәса алагамҭа инаркны маи иара иахь сныҟәон, ажурналистика акәамаҵамақәа, сызҭаашаз ақыҭақәа, исҭиишаз азҵаарақәа уҳәа, зегьы сзеиҭеиҳәон. Аҭыхрақәа рҟынтәи саныхынҳәуаз, ателехәаԥшрахьы схалаанӡа раԥхьа иара иҟны снеиуан, санҵамҭа иагыз-иабзаз сеилиркаауан. Абасала, хәыҷ-хәыҷы сымҩақәҵоз, игәы-иԥсы здыз адырраҭара сымеидеит" - еиҭеиҳәоит Ахра Барганџьиа.

Иара убас Барганџьиа иазгәеиҭеит Гарри Дбар ибзоурала адырраҭара "Аӡыхь" ахьӡ-аԥша ахьарҳаз анаҩстәи иусура кырӡа ишармариаз. Иара иажәақәа рыла иарбан қыҭазаалак дахьымҩахыҵуа, адырраҭара ахьӡ аҳәарада уаҳа акы аҭахымкәа, зехьынџьара гәаартыла дрыдыркылоит. Гарри Дбар дыргәалашәоит иахьагьы.

Гарри Дбар ачымазара иахҟьаны 53 шықәса дшырҭагылаз лаҵарамза 2012 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит.

Аԥсуа журналистика зеиԥш азымдыруа апроект – аӡаҵаҟатәи аҭыхрақәагьы авторс ирымаз Гарри Дбар иакәын. Уи адагьы ажурналист Аԥсны ашьхақәа рҟны аҭыхрақәа еиҿикаахьан. Гарри Дбар "Ахьӡ-аԥша" аорден далауреатуп, ҩынтә ианашьахахьан Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апремиа (1996, 2010 шықәсқәа рзы).

Ажәабжьқәа зегьы
0