Ҭырқәтәыла имҩаԥгахоит Лев Аҩӡба игәалашәара иазку ацәыргақәҵа-конференциа

© Foto / Омар АвидзбаЛев Авидзба
Лев Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Лев Аҩӡба иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 25 2018 шықәса рзы Стампыл. Иара илшамҭақәа рацәоуп аԥсуа диаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл разхьарԥшреи радҳәалареи рус аҟны.

АҞӘА, абҵара 8– Sputnik, Бадри Есиава. Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Стампыл имҩаԥгахоит Лев Аҩӡба игәалашәара иазку ацәыргақәҵа-конференциа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба.

"Ҵыԥх Стампыл иааҳартит Лев Аҩӡба игәалашәара иазку арҿиаратә ҟазарҭа. Аҟазауаҩ Митын Чқәуа инапхгарала ара иҟарҵоит асаркьа, акерамика, аиха, амҿы ирылху акымҭақәа. Абҵара 8 рзы Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Стампыл имҩаԥгахоит Лев Аҩӡба игәалашәара иазку ацәыргақәҵа-конференциа. Аконференциахь инагахоит арҭ анапкымҭақәагьы", - еиҭеиҳәоит Аҟәысба.

Иара иазгәеиҭеит Лев Аҩӡба акультуратә центр аҿы активла аусура шымҩаԥигоз. Аԥсныи аԥсуа диаспореи рыбжьара аинырразы илшамҭақәа акыр ирацәоу, иҳаҭыр дун, бзиа дырбон ҳәа иҳәоит Аҟәысба.

Ацәыргақәҵа аартра иаҭаауеит Лев Аҩӡба иԥшәмаԥҳәыс Диана Ԥлиаԥҳа, иҩызцәа, иуацәа. Лев Аҩӡба аԥсуаа рыԥсадгьыл разхьарԥшразы иусура атәы далацәажәеит Аԥсны Афырхаҵа Фениа Аҩӡыԥҳа.

© Foto / Омар АвидзбаЛев Авидзба
Ҭырқәтәыла имҩаԥгахоит Лев Аҩӡба игәалашәара иазку ацәыргақәҵа-конференциа - Sputnik Аҧсны
Лев Авидзба

"Дпатриот иашан. Еснагь иҽазишәон нырцәи-аарцәи аԥсуаа реимадара. Ҭырқәтәыла акәзаргьы еснагь бзиа ибон. Идыруан уа еснагь ауаа гәыблыла ишизыҟаз", - лҳәоит лара.

Лев Аҩӡба диит ажьырныҳәа 1 1953 шықәса рзы Ешыра ақыҭан.

© Foto / Омар АвидзбаЛев Авидзба
Ҭырқәтәыла имҩаԥгахоит Лев Аҩӡба игәалашәара иазку ацәыргақәҵа-конференциа - Sputnik Аҧсны
Лев Авидзба

1980-тәи ашықәсқәа раан Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иҽалаирхәит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп. 1993, 2003 шықәсқәа рзы Аҟәа араион напхгара аиҭон. Изныкымкәа Аҟәатәи араионтә еизарахь депутатс далырххьан.

2007 - 2012 Аԥсны Апарламент адепутат.

Лев Аҩӡба иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 25 2018 шықәса рзы Стампыл.

© Foto / Омар АвидзбаЛев Авидзба
Ҭырқәтәыла имҩаԥгахоит Лев Аҩӡба игәалашәара иазку ацәыргақәҵа-конференциа - Sputnik Аҧсны
Лев Авидзба
Ажәабжьқәа зегьы
0