Рауль Ҳаџьымба иусутә ныҟәара хыркәшахеит

© пресс-служба президента АбхазииРауль Ҳаџьымба иусутә ныҟәара хыркәшахеит
Рауль Ҳаџьымба иусутә ныҟәара хыркәшахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 7 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Адыгатәыла даҭан мышктәи аусуратә ныҟәарыла. Адыгатәыла иҟазаараан Рауль Ҳаџьымбеи Мурат Кумпилови еиԥылеит.

АҞӘА, абҵара 8– Sputnik. Абҵарамза 7 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Адыгатәыла анапхгара иҟанаҵаз ааҧхьарала Ареспублика актәи Ахада Аслан Џьаримов 80-шықәса ихыҵра иазку аныҳәатә усмҩаҧгатә далахәын.

Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Адыгатәылаҟа дцараны дыҟоуп

Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгатәыла Ахада Мураҭ Кумпилови реиҧылара. Рауль Ҳаџьымбеи Мураҭ Кумпилови Аҧсны Аҳәынҭқарреи Адыгеиа Ареспубликеи реизыҟазаашьақәа ирызку иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәажәеит.

Рауль Ҳаџьымба раԥхьа Адыгатәыла даҭааит 2015 шықәса рзы. Аҩбатәи - 2017 шықәса рзы.

Абри адагьы Рауль Ҳаџьымба Нхыҵ Кавказтәи атәылақәа изныкымкәа дырҭаахьеит: Ҟарачы-Черқьесск 2015, 2016 шықәсқәа рзы дыҟан, Ҟабарда-Балкариа – 2016, 2017 шықәсқәа рзы. Нхыҵ Уаԥстәыла Рауль Ҳаџьымба атәыла ахадак иҳасаб ала даҭан 2017 шықәсқәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0