Амармалташь пты адкылара иацҵоуп Очамчыра араион аҿы

Анапаҵаҩра
Амармалташь пты адкыларазы акомиссиа иааиуа амчыбжь азы Тҟәарчал араион ахь инеираны иҟоуп.

АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 500 кьыла аҟынӡа амармалташь пты еизыргеит Очамчыра араион аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩаз аҳәынҭқарратә Еилакы аусзуҩ Дмитри Хагәышь.

Савели Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷыҭанаа: апты ахыԥхьаӡара еиҳа имаҷхашәа иубоит, аха уи ус акәым

"Ҳара макьанагьы амармалташь пты адкылара мҩаԥаагоит. Раԥхьаӡа акәны аӡын аламҭалаз аизгара ҳалагеит. Иҳәатәуп ауаа активла ишеизырго", - иҳәеит иара. Уаанӡеиԥш кьылак азы зықьмааҭ ахаҳшәаауеит. Ашықәс нҵәаанӡа иҳадаҳкылалоит".

Амармалташь пты адкыларазы акомиссиа иааиуа амчыбжь азы Тҟәарчал араион ахь инеираны иҟоуп.

Жәабран 27 2019 шықәса рзы атәыла аԥыза-министр Валери Бганба аусԥҟа инапы ақәиҵеит ақыҭанхамҩатә культура аԥырхага азҭо апты анырҵәара иазырханы.

Иара убри аан ишьақәыргылан иеизгоу апты ахәыԥсагьы. Ауснагӡатә актәи аетап мшаԥымзазы имҩаԥган.

Зынӡа иааидкыланы ауснагӡатә иазоужьын 7 миллионк аԥара.

Амармалташь пты Аԥсны ицәырҵит ԥшьбаҟа шықәса раԥхьа. Иара ирласны аҭыԥ ахы аннарнаалеит. Ақыҭанхамҩатә культуразы аԥхасҭа ду алоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0