Схы агәра сиргеит: Гьаргь Гәыблиа игәалашәаразы

© SputnikГьаргь Гәыблиа
Гьаргь Гәыблиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, Ахьӡ-аԥша аорден III аҩаӡара занашьоу Гьаргь Гәыблиа иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит. Ишәыдаагалоит ҳколумнист Светлана Ладариа лгәалашәараҿы дшаанхаз атәы.

1986 шықәса. Сара, 24 шықәса ирҭагылоу, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭахь корректорк лаҳасаб ала срыдыркылоит. Усҟантәи аамҭақәа рзы ашәҟәыҩҩы, апоет иааигәара агыларагьы гәаӷьыуацәан. Ҳдунеи рыцҳа иатәым жәҩануаа реиԥш ҳрыхәаԥшуан. Рыхьӡ-рыԥша иаԥсаз аҳаҭыри апатуи рыман.

Сгәысҽанӡамкәа абарҭ аԥааимбарцәа рывагылара, рацәажәара адагьы, аус рыцура азин соуит. Уи агәрахаҵарагьы сцәыцәгьан.

Усҟан ашәҟәҭыжьырҭа дахагылан Гьаргь Константин-иԥа Гәыблиа. Ишаԥыз еиԥш, арзаҳал сыманы иуада саныныҩнала, иеиԥш зеиԥшыз аӡәы днеизшәа иҭыԥ даахыҵны дысԥылеит. Сиртәеит. Уаанӡатәи сшәарақәагьы неиԥхьбеит. Сара дсықәлазшәа, ҳаҩаӡарагьы акызшәа исзеиҭеиҳәон снапы ианылараны иҟаз аусқәа. Аамҭақәа акранҵы ашьҭахь ауп ианеилыскаа абри аусбарҭаҿы сылшара сацәыԥхамшьо сҟазҵаз убри аԥхьатәи амш шакәыз. Схы агәра сиргеит.

Усҟантәи аамҭақәа рзы ауаа агәаран иқәгыланы ашәҟәқәа аархәон. Аԥхьара бзиа ирбон. Адунеитә литературеиԥш, аԥсуа литературагьы аинтерес ду рзаҵан. Иԥхашьароуп ҳәа иԥхьаӡан ҿыц иҭыҵыз аԥсуа шәҟәы уамыԥхьар. Иҟан ажәеинраалақәа ракәым, апоема дуқәа ҿырҳәала издыруаз. Иҟан урҭ рҳәаразы ианеицлабуазгьы.

Терентий Чания - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷаниа Гьаргь Гәыблиа изкны: еилых ҟамҵакәа зегьы дырҩызан, дырзааигәан

Нас абасеиԥш иҟаз аамҭақәа раан ашәҟәҭыжьра аҭакԥхықәра дуӡӡа шаҵаз ззымдыруадаз.

Гьаргь Константин-иԥа ихы аҭакԥхықәра ду адиҵон, аҭакԥхықәра ҳадиҵон ҳаргьы. Усҟан бӷьыц-бӷьыц агхақәа ҳарҽеиуан. Аҵыхәтәаны бӷьыцк ма ҩ-бӷьыцк рҿы агха ыҟазаргьы убарҭгьы аалхны атипографиахь инаагон, "выборка" ҳәа ҳашьҭан. Иалыҟәшәаа-алыҟәшәааны иҳариашон.

Ариашарагьы иахьеиԥш иҟахындаз. Атса иалхыз анбанқәа анырцәеилаԥсоз ҟалон, зегь напыла еиладыргылон. Акәама-ҵамақәа рацәаны иацын.

Иԥсҭазаара далҵит апоет, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәыблиа>>

Ҳџьабаа шмаҷмыз здыруаз ашәҟәҭыжьырҭа ахадара – Гьаргь Гәыблиа (адиректор), Платон Бебиа (аредактор хада), Сергеи Кәыҵниа (аредактор еиҳабы) рхылаԥшра ҳагмызт, ҳара ак ҳавшәаргьы, дара рылаԥш изацәцомызт.

Сара мызқәак корректорс аус зуит, нас редакторс сиаргеит. Уи аус еиҳа ишыуадаҩызгьы, еснагь издыруан сызҵаарақәа рҭак сеиҳабацәа рҟынтәи ишсоуаз. Уи сгәы арӷәӷәон.

Ҳколлектив акәзаргьы, усҟан аурыс редакциа, ақырҭуа редакциа, аԥсуа редакциа ҳәа ҳшыҟазгьы, лахә-лахәы ҳаихәаԥшуамызт. Ҳәарада, асеиԥш аҭагылазаашьа аԥҵарагьы зылзыршозгьы ашәҟәҭыжьырҭа аиҳаб иакәын. Гьаргь Константин-иԥа ауаҩ иацәажәашьа идыруан, дзыԥсам аҟара даԥсаны дхеигалон. Усеиԥш ианузныҟәалак, иҳәатәыми иҳәатәуи реилыргара еиҳа имариоуп.

Аԥсуа иқәра ду анцәа изаҭәеишьаз Гьаргь Константин-иԥа иԥсҭазаара баша имҩамсит. Апоет, ашәҟәыҩҩы, адраматург, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ аԥсуа кафедра апрофессор – абриаҟара ирацәоуп иара ибзарӡы злоуҳәаша.

Урҭ инарымаданы аб, абду, аҭаацәара реиҳабы, зегьы ирыцкны – АУАҨЫ ҳәа ахьӡ ду аԥсахара.

Ауаҩы дыргәалашәонаҵы иԥсгьы ҭазаауеит рҳәоит. Гьаргь Константин-иԥагьы акраамҭа ижәлар дрылагылазаауеит, избанзар уи ихашҭра уадаҩуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0