Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы ҩышә гектар инарзынаԥшуа абнара амца акит

Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы амцакра арцәаразы Аԥсны АҶА урыстәылатәи рколлегацәа ацхыраара ҟарҵарц азы аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит.

АҞӘА, абҵара 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Ԥсҳәы ақыҭа аганахь ала Аҟәатәи ахыҵырҭаҿы амцакра ҟалеит, амца иамҽханакит 150-200 гектар абнара. Абри атәы Sputnik Аԥсны адырра азыҟаиҵеит Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны абылра-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

Кәыҵниа иҳәеит абнара амца акны ишыҟоу. Амца Гәдоуҭа араион ахь албаара иаҿуп.

"Иацы Ԥсҳәы ақыҭантәи абылра-еиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа уахь инеит, аха рымчқәа мхеит. Аԥсны АҶА аминистр иацы арҭ аҭыԥқәа вертолиотла дырхаԥрааит, аҭагылазаашьа иблала ибеит. Уажәы урыстәылатәи аиқәырхаҩцәеи дареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит авиациа ахархәаразы", - иҳәеит Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны абылра-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

Кәыҵниа игәаанагарала амцакра зыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп. Арҭ аҭыԥқәа ауаа рынхарҭақәа ирцәыхароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0