Зегь рыла сыхиоуп: Баҭал Ҷежьиа ачемпион ихьӡ азы иқәгылара дахцәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБаҭал Ҷежьиа
Баҭал Ҷежьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баҭал Ҷежьиа Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы ақәгылара мҩаԥигараны дыҟоуп абҵара 14, 2019 шықәса рзы.

АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 22 шықәса зхыҵуа аԥсуа боксиор Баҭал Чежьиа дықәгылараны дыҟоуп Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы. Иара абри аиндаҭлара дшазыхиоу атәы еиҭеиҳәеит.

Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы аиндаҭлара мҩаԥысраны иҟоуп Санкт-Петербург. Баҭал Ҷежьиа диндаҭлоит Украина абоксиор Џьамал Усманов. Усманов апрофессионалтә ринг аҿы хәынтә дықәгылахьеит, хәынтәгьы аиааирақәа игахьеит.

Аԥсуа боксиор 76 кьыла рҟынӡа зкапануаз рыбжьара дықәгылараны дшыҟазгьы, Усманов абжьаратә капан азы ақәгылара мап ахьацәикыз азы 79 кьыла иҟоу ркатегориахь диасуеит.

Ҷежьиа уаанӡагьы абжьарахьанҭатә категориала дықәгылахьан, убри азы уи проблемахаӡом.

"Нанҳәамза аахыс аҽазыҟаҵарақәа сырҿуп. Аиндаҭлара цәыббрамза ма жьҭаарамза имҩаԥысуеит ҳәа ҳаԥшын, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны абҵарамзахь ииаргеит. Аҽазыҟаҵарақәа бзианы имҩасуеит. Сара ақәгылара сазыхиоуп", - ҳәа иҳәоит иара.

Баҭал дзындаҭло дбоксиор бзиоуп ҳәа ихиҳәаауеит.

"Иара ихатә стиль имоуп. Ус шакәугьы, уззымиааиша акгьы ыҟам. Сгәыӷуеит зегьы маншәаланы имҩаԥысып ҳәа", - иҳәоит аԥсуа спортсмен.

абоксиор - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи абоксиор Москва аԥышәара дахысуеит

Иара убасгьы иҳәеит Игор Адлеиба иқәгылара дшахәаԥшуаз, ииааирагьы идиныҳәалоит.

Жәларбжьаратәи абокс азы ашоу "Короли Нокаутов" мҩаԥысраны иҟоуп аотель AZIMUT аҿы. Зынӡа имҩаԥгахоит 11 қәгылара. Ателеканал "Матч! Боец" аҿы асааҭ 19:00 рзы ишиашоу ицо аефир мҩаԥгахоит.

22 шықәса зхыҵуа Баҭал Ҷежьиа иахьазы адунеитә реитинг аҿы 154-тәи апозициаҿ дыҟоуп, Урыстәыла – икапантә категориала аабатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп.

Усманов 20 шықәса ихыҵуеит, адунеитә реитинг аҿы 190-тәи апозициаҿ дыҟоуп, Украина – ахәбатәи аҭыԥ ааникылоит.

Баҭал Ҷежьиа – ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи Аславиан тәылақәеи дырчемпионуп, 2017 шықәса рзы Анапа имҩаԥысуаз ашоу "Гладиаторы ринга" аҟны даиааит, Ростов-на-Дону ақалақь аҿы апрофессионалтә бокс ахәылԥаз далахәын, Москва иқәгылараан акамерун Даниел Нигата дииааиуеит.

2018 шықәса рзы Москва имҩаԥысуаз ахәылԥаз аҿы Танзаниатәи аспортсмен Мада Линуса Мауго диндаҭлеит, аиааирагьы игеит.

Баҭал Ҷежьиа жә-қәгыларак мҩаԥигахьеит. Иқәгыларақәа зегьы рҟны аиааира игеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0