Харитон Агрба Урыстәыла ачемпионат афиналбжахь днеиит

© Foto / volgodonsk.newsХаритон Агрба
Харитон Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абокс азы Урыстәыла ачемпионат далахәуп аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба. Ачемпионат мҩаԥысуеит абҵара 12 - 16 рзы, Самара.

АҞӘА, абҵара 14– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абоксиор Харитон Агрба Урыстәыла ачемпионат афиналбжахь днеиит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика абокс азыАфедерациа ахада Альберт Карди-оӷлы.

"69 кьыла иҟоу ркатегориа иаҵанакуа реиндаҭлара мҩаԥысит. Харитон акәаталақәа рыла аиааира игеит. Иара диндаҭлон Белгородтәи аобласт аҟынтәи абоксиор Сергеи Собылински. Харитон уажәшьҭа афиналбжаҿ дықәгылоит абҵара15 рзы", - азгәеиҭеит Карди-оӷлы.

Ачемпионат аҿы аиааира зго Лондонҟа, Европатәи ахәмаррақәа рахь ицоит. Уа иаиааиз 2020 шықәсазы Токио имҩаԥысраны иҟо Аолимпиатә хәмаррақәа ирылахәхоит.

Харитон Агрба – Урыстәыла еизго амилаҭтә команда далахәылоуп. Минск имҩаԥысуазЕвропатәи ахәмаррақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ никылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0