Баҭал Чежьиеи Џьамал Усманови реиндаҭлара еиҭахарала инҵәеит

© Foto / instagram/inal___lБатал Чежия
Батал Чежия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баҭал Ҷежьиа Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы ақәгылара мҩаԥигеит абҵара 14, 2019 шықәса рзы Санкт-Петербург.

АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik. Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы Санкт-Петербург. Еиндаҭлоз аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиеи Украина абоксиор Џьамал Усманови еиҭахеит.

Аӡбаҩцәа руаӡәк Баҭал аԥыжәара ианеишьеит, аҩбатәи – Џьамал Усманов, ахԥатәи – еиҭахеит ҳәа иазиԥхьаӡеит. Абри ала аспортсменцәа еиҭоуп ҳәа аӡбра рыдыркылеит.

Баҭал Ҷежьиа индаҭлоз Украина абоксиор Џьамал Усманов апрофессионалтә ринг аҿы хәынтә дықәгылахьеит, хәынтәгьы аиааирақәа игахьеит.

Аԥсуа боксиор 76 кьыла рҟынӡа зкапануаз рыбжьара дықәгылараны дшыҟазгьы, Усманов абжьаратә капан азы ақәгылара мап ахьацәикыз азы 79 кьыла иҟоу ркатегориахь диасит.

Баҭал Ҷежьиа - Sputnik Аҧсны
Зегь рыла сыхиоуп: Баҭал Ҷежьиа ачемпион ихьӡ азы иқәгылара дахцәажәеит

Жәларбжьаратәи абокс азы ашоу "Короли Нокаутов" мҩаԥысуан аотель AZIMUT аҿы.

22 шықәса зхыҵуа Баҭал Ҷежьиа иахьазы адунеитә реитинг аҿы 154-тәи апозициаҿ дыҟоуп, Урыстәыла – икапантә категориала аабатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп.

Усманов 20 шықәса ихыҵуеит, адунеитә реитинг аҿы 190-тәи апозициаҿ дыҟоуп, Украина – ахәбатәи аҭыԥ ааникылоит.

Баҭал Ҷежьиа – ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи Аславиан тәылақәеи дырчемпионуп, 2017 шықәса рзы Анапа имҩаԥысуаз ашоу "Гладиаторы ринга" аҟны даиааит, Ростов-на-Дону ақалақь аҿы апрофессионалтә бокс ахәылԥаз далахәын, Москва иқәгылараан акамерун Даниел Нигата дииааиуеит.

2018 шықәса рзы Москва имҩаԥысуаз ахәылԥаз аҿы Танзаниатәи аспортсмен Мада Линуса Мауго диндаҭлеит, аиааирагьы игеит.

Баҭал Ҷежьиа жә-қәгыларак мҩаԥигахьеит. Иқәгыларақәа зегьы рҟны аиааира игеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0