Sputnik амчыбжь: еиҳа иналукааша ахҭысқәа

© Sputnik / Акоп Кущян Ремонт сухумского бассейна
Ремонт сухумского бассейна - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны имҩаԥнагоит амчыбжь азы иналукаашаз ахҭысқәа есымчыбжьатәи реидкыла. Аԥсны, абҵара 11 - 17 рзы еиҳа азхьаԥшра зҭахаз ахҭысқәа Sputnik аҿы.

Ҳашьхақәа рҟны амцакра, Баҭал Чежьиа иқәгылара, ансамбль "Ерцахә" агәыҳалалратә концерт уҳәа ииасыз амчыбжь азы ауааԥсыра рызхьаԥшра рыҭан.

Sputnik

Аԥснытәи ашьхақәа рҿы амцакра

Аҟәатәи ахыҵырҭа амца шацралаз Аԥсны АҶА раԥхьаӡа ирбеитабҵара 10 рзы. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ашәахьа, абҵара 11 рзы вертолиотла амца ахьакыз аҭыԥқәа дырхаԥрааит. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа адырра ҟаиҵеит.

аҳаирплан-амфибиа Бе-200 Аԥсныҟа иааит - Sputnik Аҧсны
Мшынла амцарцәара: урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200 Аԥсныҟа иааит

АҶА адырра ҟарҵеит Урыстәылаҟа ацхыраара шырҭаху азы.

Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь.

Урыстәыла АҶА авертолиот Аҟәатәи ахыҵырҭа амцарцәара иаҿуп

Авиагәыԥ адгьыл аҟынтәи ацхыраара арҭоит Аԥсны АҶА аҟәшақәа, амцарцәаратә машьынақәа, рыцыԥхьаӡа 7,5 тонна аӡы рҭаҭәаны.

Абнақәа амца ркуп Тҟәарчал, Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа рраионқәа иахьрыҵаркуа, абылра азеиԥш ҵакыра - 7-8 нызқь гектар ыҟоуп.

Амцарцәара уажәгьы иаҿуп.

Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр ахада ҿыц

Абҵара 12 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр адиректорс Гиви Габниа иҟаларазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Гиви Габниа - Sputnik Аҧсны
Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр ахада ҿыц даҭоуп

Гиви Габниа диит жәабран 6, 1971 шықәса рзы. 1995 шықәса рзы ААУ аҭоурых-зиндырратә факультет далгеит қәҿиарала.

1992 -1997 шш. рзы – Аԥсны Аџьар Ҟаԥшьи Амзаҿеи реилазаара азинтә еилакы аҟәша азиндырыҩ. 2000 шықәса раахыс – ААУ азиндырратә факультет ашьаусҭҵаареи аграждантә зини ркафедра арҵаҩы.

2003 шықәса раахыс – ААУ азиндырратә факультет аграждантә зини апроцесси ркафедра арҵаҩы. 2013 шықәса рзы – ААУ азиндырратә факультет аграждантә зини апроцесси ркафедра арҵаҩы еиҳабы. 2017 шықәса инаркны иахьанӡа – Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ.

Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит 13 шықәса Ацентр иахагылаз Олег Дамениа.

Ачемпионтә хьӡы азы ақәгылара

Абокс азы адунеизегьтәи аиҿкаара (WBO) аверсиала аҿар рыбжьара иреиӷьу ҳәа ахьӡ азы Санкт-Петербург еиндаҭлоз аԥснытәи абоксиор Баҭал Ҷежьиеи Украина абоксиор Џьамал Усманови еиҭахеит.

 Батал Чежия  - Sputnik Аҧсны
Баҭал Чежьиа Санкт-Петербург имҩаԥысыз еиндаҭлара ахҳәаа азыҟаиҵеит

Аӡбаҩцәа руаӡәк Баҭал аԥыжәара ианеишьеит, аҩбатәи – Џьамал Усманов, ахԥатәи – еиҭахеит ҳәа иазиԥхьаӡеит. Абри ала аспортсменцәа еиҭоуп ҳәа аӡбра рыдыркылеит.

Баҭал Ҷежьиа индаҭлоз Украина абоксиор Џьамал Усманов апрофессионалтә ринг аҿы хәынтә дықәгылахьеит, хәынтәгьы аиааирақәа игахьеит.

Аԥсуа боксиор 76 кьыла рҟынӡа зкапануаз рыбжьара дықәгылараны дшыҟазгьы, Усманов абжьаратә капан азы ақәгылара мап ахьацәикыз азы 79 кьыла иҟоу ркатегориахь диасит.

Жәларбжьаратәи абокс азы ашоу "Короли Нокаутов" мҩаԥысуан аотель AZIMUT аҿы.

22 шықәса зхыҵуа Баҭал Ҷежьиа иахьазы адунеитә реитинг аҿы 154-тәи апозициаҿ дыҟоуп, Урыстәыла – икапантә категориала аабатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп. Усманов 20 шықәса ихыҵуеит, адунеитә реитинг аҿы 190-тәи апозициаҿ дыҟоуп, Украина – ахәбатәи аҭыԥ ааникылоит.

Баҭал Ҷежьиа – ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи Аславиан тәылақәеи дырчемпионуп, 2017 шықәса рзы Анапа имҩаԥысуаз ашоу "Гладиаторы ринга" аҟны даиааит, Ростов-на-Дону ақалақь аҿы апрофессионалтә бокс ахәылԥаз далахәын, Москва иқәгылараан акамерун Даниел Нигата дииааиуеит.

2018 шықәса рзы Москва имҩаԥысуаз ахәылԥаз аҿы Танзаниатәи аспортсмен Мада Линуса Мауго диндаҭлеит, аиааирагьы игеит.

Баҭал Ҷежьиа жә-қәгыларак мҩаԥигахьеит. Иқәгыларақәа зегьы рҟны аиааира игеит.

Аԥсҭазаара ахьӡала аконцерт

Ансамбль "Ерцахә" имҩаԥнаго агәыҳалалратә концерт иаанашьҭуа аԥарақәа азкхоит афонд "Ашана" зыцхраауа Сабина Ԥачлиаԥҳа лыхәышәтәра.

Юбилейный концерт ансамбля Эрцаху - Sputnik Аҧсны
Акәашарақәеи агәыҳалалреи: ансамбль "Ерцахә" афонд "Ашана" иацхраауеит

Сабина Ԥачлиаԥҳа скалиоз лымоуп. Лара аамҭа мгакәа аоперациа лзутәуп. Лара лыхәышәтәреи аихаҵәқәа лцәеижь аларгылареи 700 000 мааҭ аҭахуп.

Аконцерт апрограммаҿ иҟалоит аԥсуа милаҭтә кәашарақәа, Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәа. Ансамбль "Ерцахә" асахьаркыратә напхгаҩы Вианор Логәуа иажәақәа рыла ахәаԥшыҩцәа ирыдгалахоит ақәыргыламҭа ҿыцқәагьы: "Нарҭаа рыкәашара", "Ашамҭа", ҵабалаа рыҭауадцәа рыкәашара.

Sputnik апресс-центр аҿы абри аганахь ала имҩаԥган апресс-конференциа.

Ааԥынразы аӡҭарчы аусура иалагоит

Аҟәатәи аӡҭарчы 2008 шықәса рзы ақалақь ахадара қьырала афирма "Аквастройинвест" ианаҭеит. Уи аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа 2011 шықәса рҟынӡа ихдыркәшар акәын, аха иахьа уажәраанӡа уи аус зынагӡамхеит.

Аҟәатәи аӡҭарчы - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аӡҭарчы 2020 шықәса ааԥынразы аусура иалагоит

Аҟәатәи аӡҭарчы 2020 шықәса ааԥынразы, хәажәкыра 20 рҟынӡа аусура иалагараны иҟоуп. Уажәазы ажәытә комплекс ықәгоуп, адренажтә трубақәа шьҭаҵоуп, дара атехникатә уадахь инагоуп. Иара уа иргылахоит аӡыҭгагақәеи аӡрыцқьагақәеи. Аҽыкәабарҭақәеи аҽеилаҳәарҭақәеи атрибунақәеи рышьақәыргылара мҩаԥысуеит. Аҵыхәтәантәи жәа-шықәса рыҩнуҵҟа ҳусурақәа аанкыламызт. Иаанханы иҟоу аӡҭарчы аҵа арӷәӷәареи аӡырԥхага цәаҳәақәа рнагареи роуп.

Аӡҭарчы аиҭашьақәыргылара афирма 20 миллион мааҭ иазтәоит.

1992 шықәсанӡа Аԥсны иахьаҵанакуаз аус руан аӡҭарчқәа ҩба: Аҟәеи Тҟәарчали. Иахьа уажәраанӡа дара русура хацыркхартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0