Амца зку аԥснытәи абнақәа 350 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәоуп

© Foto / МЧС РААмца зку аԥснытәи абнақәа 350 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәоуп
Амца зку аԥснытәи абнақәа 350 тонна рҟынӡа аӡы рықәҭәоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи авиациа Аԥсны амцакра ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь ацхыраараз иааит. Асабшеи амҽышеи ибылуа абнақәа 300 тонна аӡы рықәырҭәеит.

АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik. Урыстәыла АҶА иатәу авертолиот Ми-8-и аҳаирплан Бе-200-и 54-нтә ишьҭыԥраахьеит амцакра ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Самолет-амфибия бе-200 - Sputnik Аҧсны
Ақалақьқәа рҟны алҩа: амца арцәара иаҿуп

Иара иажәақәа рыла амца зку аҭыԥқәа рхышәа-ҵышәа 11 нызқь гектар рҟынӡа инаӡоит. Гагратәи ахырхарҭаҿы амца арцәон авертолиот Ми-8, иара  ишьҭыԥрааит 45-нтә. Кәыдрытәи ахырхарҭаҿы амцарцәара мҩаԥнагон аҳаирплан Бе-200.

"Макьаназы аҳәара уадаҩуп амцакра амҽхак ахьынӡеиҵахаз. Аспутник аҟынтәи аҭыхымҭақәа ҳамам. Абри аус аҿы ацхыраара ҟанаҵоит Урыстәыла", - иҳәоит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Гындиа иажәақәа рыла амца ахыҵхырҭақәа аҭыԥ рымоуп Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гагра ирыԥну ашьхарақәа рҿы. Урыстәылаа ирыцхраауеит аҭыԥантәи амцарцәаҩцәа.

Ашьхараҿ абна амца шакыз гәаҭан абҵара 10 рзы. Абылрақәа ахьыҟалаз еиҳа анеира ахьыцәгьоу аҭыԥқәа рҟноуп, амца арцәара алшоит иҷыдоу авиациа ахархәара заҵәык ала ҳәа алкаа ҟаҵан абри ашьҭахь. Анаҩсан, АҶА адырра ҟарҵеит Урыстәыла АҶА ахь ацхыраара шырҭаху азы. Абҵара 15 рзы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла АҶА авертолиот Ми-8, аԥхьатәи аԥырра мҩаԥнагеит абҵара 16 ашьыжь. Амҽыша амцарцәаратә усқәа аҽрыднакылеит Урыстәылатәи аҳаирплан-амфибиа Бе-200.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0