Аԥсны атуристтә форуми аконгресси ирылахәхоит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода России. Сочи
Города России. Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VI Жәларбжьаратәи атуристтә форум SIFT-2019-и IV атуроператорцәеи атурагентцәеи рконгресси мҩаԥысраны иҟоуп абҵара 20 - 22 рзы Гәбаадәы аҿы.

АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аделегациа алахәхоит Шәача имҩаԥысраны иҟоу VI Жәларбжьаратәи атуристтә форум SIFT-2019-и IV атуроператорцәеи атурагентцәеи рконгресси ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭеилакы апресс-маҵзураҟынтә.

"Аҵак ду змоу арҭ ауснагӡатәқәа ралахәхара аԥсуа туризм азы илшамҭоуп аҳәаанырцә аӡыргаразы", - ҳәа азгәарҭеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭеилакы апресс-маҵзураҟны.

Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭеилакы иазԥхьагәанаҭоит афорум алахәылацәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа аӡыргара-информациатә тур амҩаԥгара.

Жәларбжьаратәи атуристтә форум SIFT мҩаԥыргоит 2014 шықәса раахыс. Афорум ахь инаԥхьоуп Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра, Абанк хада, Афедерациатә хеилак, Аҳәынҭқарратә дума рхаҭарнакцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0