Аԥсны автобусқәа рыла аиқәыршәара апрограмма хыркәшоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАвтобусқәа
Автобусқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса рзы Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа инақәыршәаны иаахәоуп 63 автобус. Иааидкыланы ирыхшәаауп 162 миллион мааҭ.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны автобусқәа рыла аиқәыршәара апроект аркуп ҳәа иҳәеит аминистрцәа реилатәараҿы Аԥсны аекономика аминистр и.н. Адгәыр Арӡынба.

"Иааидкыланы Аԥсны ақалақьқәа еимаздо автотранспортла 100% еиқәыршәоуп, ашколтә автобусқәа рыла – 80%. Уажәазы ари апроект хҳаркәшоит, ԥхьаҟазы ауснагӡатә ишацҵахо ҳазхәыцуеит", - иҳәеит аекономика аминистр.

Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2019 шықәсазы иаахәан 62 цыра автобусқәа. Урҭ ирықәхарџьын 162 миллион мааҭ. Автобусқәа 33 ақалақьқәа рзы, 15 - ашколхәыҷқәа рзы, 14 – ақыҭақәа рзы. Атранспорт Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рахь идәықәҵан. Уажәы автобусқәа даҽа 14 цыра аагоуп, урҭ ирықәхарџьуп 31 миллион мааҭ. Урҭ рахьынтә 9 – ашколқәа рахь ишьҭхо автобусқәа, 4 - ақыҭақәа рзы, 1 – ақалақьбжьаратә Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азы.

Ақалақьқәеи араионқәеи иҟарҵаз аҳәарала автобусқәа рзеихшан Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны.

2019 шықәсазы автотранспорт ала аиқәыршәаразы аинвестициатә программа хыркәшоуп. Автобусқәа хышықәса рҟынӡа аҿҳәара рымоуп ишахәҭоу ахархәара анроу реиҭашьақәыргылара шаҭахым азы агарантиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0