Атуристтә форум SIFT-2019 алахәылацәа Аԥсныҟа иаарыԥхьеит

© Foto / Сергей ЛисицинАфорум SIFT
Афорум SIFT - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
VI Жәларбжьаратәи атуристтә форум SIFT-2019-и Атуроператорцәеи атурагентцәеи IV рконгресси мҩаԥысуеит абҵара 20 - 22 рзы Гәбаадәы.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Акурортқәеи атуризми рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Авҭандил Гарцкьиа атурфорум SIFT-2019 аартраан данықәгылоз афорум алахәылацәа Аԥсныҟа ааԥхьара риҭеит. Абри атәы аанацҳауеит Акурортқәеи атуризми рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.

"Гәахәарыла Аԥсныҟа шәнасыԥхьоит. Зегь иреиӷьу аныҟәарақәа аиҩызаратә ныҟәарақәа роуп. Ҳаҭыр зқәу сасцәаны ҳашәԥылоит. Ҳара досу ҳаиныррала ҳԥышәа еимаадоит. Аҿҵаа бзиоуп. Ҳара ҳганахьала гәахәара дуны иаабоит миллионла урыстәылаа зҭаауа ҳтәыла шәаргьы шәылала ижәбар", - ҳәа Гарцкьиа иажәақәа аанагоит апресс-маҵзура.

Гарцкьиа иара убасгьы иазгәеиҭеит Аԥсны аҭаара зҭаху зегь рзи атуроператорцәеи атурагентцәеи рзи ишазыхиоу аӡыргаратә, ардырратә ныҟәарақәа реиҿкаара. Иара излеиҳәо ала, Жәларбжьаратәи атуристтә форум SIFT аханатә зықьҩыла ауаа реидкылара шалнаршаз, еиҳа иналукааша ҭыԥны ишыҟалаз абри ахырхарҭаҿы.

Руслан Кәакәасқьыр  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәакәасқьыр Шәачатәи атуристтә форум азы: цхыраагӡоуп Аԥсны аԥсшьаҩцәа радԥхьаларазы

VI Жәларбжьаратәи атуристтә форум SIFT-2019-и Атуроператорцәеи атурагентцәеи IV рконгресси рымҩаԥысра аусхк ахырхарҭақәа рҿы еиҳа иҭбаау алшарақәа аадырԥшуеит иҳәеит Гарцкьиа.

Акурортқәеи атуризми рзы Аԥсны аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц иажәақәа рыла, афорум аҟны аусутә ҭагылазаашьа бзиа аԥҵоуп.

Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭеилакы иазԥхьагәанаҭоит афорум алахәылацәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа аӡыргара-информациатә тур рзымҩаԥгара.

Жәларбжьаратәи атуристтә форум SIFT мҩаԥыргоит 2014 шықәса раахыс. Афорум ахь инаԥхьоуп Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра, Абанк Хада, Афедерациатә хеилак, Аҳәынҭқарратә дума рхаҭарнакцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0