Гагратәи апансионат "Энергетик" аконкурс ала ахатәтәрахьы ииаргоит

© Foto / tonkostiПансионат "Энергетик"
Пансионат Энергетик - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҳәынҭқарратә обиектқәа ахатәтәрахьы иаҵанакуа аобиектқәа рахь риагаразы ақәҵарақәа ирыхәаԥшит аԥшьаша, абҵара 21 рзы.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент иаднакылеит "Гагратәи апансионат "Энергетик" ахатәтәратә обиектқәа реиқәыԥхьаӡахь аҵаркразы" ақәҵара актәи аԥхьарала абҵара 21 рзы.

Ақәҵара апроект адепутатцәа ирыдигалеит адепутат Александр Ҵышәба. Иара иазгәеиҭеит аобиект априватизациа азуп аконкурстә шьаҭа аманы ҳәа.

"Энергетик" – ахышәа-ҵышәа 30 000 метр ԥшьыркца ыҟоуп, иаҵанакуа адгьылҭыԥ – 4,7 гектар. Апансионат ахә - 60 миллион 549 нызқь мааҭ артәоит. Аԥхьанатәтәи ахәԥса – 61 миллион мааҭ. Аобиект аиҭашьақәыргылара ҿҳәарас иамоуп хышықәса.
Гагра ихдыркәшеит аҭоурыхтә туробиект аиҭашьақәыргылара - Sputnik Аҧсны
Гагра ихдыркәшеит аҭоурыхтә туробиект аиҭашьақәыргылара

Аԥсны аҳәынҭқарратә мазара анапхгареи ахатәтәреи рзы аилак ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа иазгәеиҭеит ахыбра 1970-тәи ашықәсқәа раан ишыргылаз, иахьазы аҭагылазаашьа шыбааԥсу.

"Аобиект ахаҭа аԥаразоужьра адагьы аҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа аҭахуп. Урҭ аусурақәа рымацарагьы 200 миллион мааҭ рҟынӡа идыртәоит", - иҳәеит иара.

Актәи аԥхьараан адепутатцәа аӡбрақәа рыдыркылеит Гәдоуҭа ақалақь аҿы адәқьанқәа №4, №3, аҩныргыларатә комбинат, акомплекс "Гагрский завод безалкогольных напитков" (Гагра), Ақырҭаа имҩаҿы аӡәӡәарҭа (Аҟәа) рхатәтәразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0