Апарламент аҿы абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа рыдыркылеит

Анапаҵаҩра
Абҵара 21 рзы Аԥсны Апарламент аҿы ирыхәаԥшын абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рбиуџьетқәа рзы апроектқәа.

АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ирыдыркылеит актәи аԥхьарала абиуџьетнҭыҵтә фондқәа фба рбиуџьетқәа рзы апроектқәа.

Деньги - Sputnik Аҧсны
Ԥхынгәы акы инаркны абиуџьет иатәу аусуцәа рулафахәы иацлоит

Актәи аԥхьарала ирыдкылан Атәанчахәытә фонд абиуџьет. 2020 шықәса рзы иара иартәоит миллиардки 42 миллиони 734 нызқь мааҭ.

Сынтәа афонд аныхрақәа 12 миллион рыла ирызҳаит. Аныхрақәа рзырхоуп асоциалтә политикеи атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәареи.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа абиуџьетнҭыҵтәи рфонд 2020 шықәса рзы иартәоит 128 миллион 337 нызқьмааҭ. Афонд ахашәалахәқәа ишьақәдыртәоит 82 миллион мааҭ, ахарџьқәа - 90 миллион мааҭ.

2020 абиуџьет афонд ӡырнагеит Аԥсны ихымԥадатәиу аԥгаԥсатә фонд. Афонд аныхрақәеи ахашәалақәеи идыртәоит 42 миллион 221 нызқь мааҭ.

Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд анапхгаҩ ҿыцс дҟаҵоуп Бакур Бебиа. 2020 шықәса рзы афонд ахашәалақәеи аныхрақәеи идыртәоит 109 миллион 434 нызқь мааҭ.

Арепатриациаз Афонд анагӡаратә директор Енвер Чамагәуа иҳәеит 2020 шықәса рзы афонд абиуџьет ишартәо 156 миллион 246 нызқь мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0