Ҳаџьымба Аҟәа иҟалаз ахҭыс инамаданы Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит

© Foto / presidentofabkhaziaПрезидент Республики Абхазия Рауль Хаджимба провел заседание Совета Безопасности в связи с происшествием в Сухуме
Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба провел заседание Совета Безопасности в связи с происшествием в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Аԥсны ААР аусзуҩцәа ацәгьоуцәа рынкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

АҞӘА, абҵара 23-Sputnik. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақьафурҭақәа руак аҟны иҟалаз ахҭыс инамаданы Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит. Абри атәы аалыцҳауеит ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡԥҳа.

Аҟәа аиҿахысрақәа ирхырҟьаны хҩык ауаа ҭахеит - Sputnik Аҧсны
Адырра ҿыцқәа: Аҟәа аиҿахысрақәа ирхырҟьаны хҩык ауаа ҭахеит

 Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусхкқәа рзы.

"Абри аамҭазы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахатәы еилазаара зегьы ашьапы иқәыргылоуп, зегьынџьара апостқәа аркуп, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Апрокуратура хада, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәа злахәу аоперативтә- ҭҵааратә гәыҧқәа аус руеит", - иҳәеит Аршба.

Рауль Ҳаџьымба амчратә еилазаарақәа рҿаҧхьа адҵа ықәиргылеит иҟалаз ацәгьоура аарҧшреи ахара зду ақәнага рақәыршәарази аиҵаҟәшақәа зегьы ралархәразы. Аҳәынҭқарра Ахада амчратә усбарҭақәа ирыдиҵеит ацәгьоура ҟазҵаз Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәаа иахымсырц азы иақәнагоу ауснагӡатәқәа мҩаҧыргарц.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы аиҿахысра ҟалеит. Аԥсны ААР аусзуҩцәа ацәгьоуцәа рынкыларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Амшын аԥшаҳәаҿы ахысрақәа аҭыԥ рыман: ааха зауз ахәшәтәырҭахь инагоуп

Ажәабжьқәа зегьы
0