Ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз аиҿахысраан иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Аҽа хҩык ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы.
Иҟоу адыррақәа рыла иҭахеит: Шамба, Аҩӡба.
ААР ишаанацҳаз ала ақьафурҭаҟны аус зуаз анаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа ахысра ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны лыԥсҭазаар далҵит ҳәа. Аҟәатәи аҩбатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа ражәақәа рыла, аӡӷаб лыԥсы ҭоуп, ӷәӷәала дхәуп, лҭагылазаашьа уашәшәыруп. Дыиагоуп ареспубликатә хәышәтәырҭахь анеирохирургиа аҟәшахьы.
Асааҭ 8:00 рзы Ақырҭааԥҳа лҭагылазаашьа ӷәӷәоуп, ареанимациаҟны дышьҭоуп.
Аоперативтә ԥшаарақәа ирылҵшәаны автомашьына былны иԥшаауп "Дэпо" араион аҿы.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҟәа ақьафурҭақәа руак аҟгны иҟалаз ахҭыс инамаданы Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаҧигеит.
Рауль Ҳаџьымба амчратә еилазаарақәа рҿаҧхьа адҵа ықәиргылеит иҟалаз ацәгьоура аарҧшреи ахара зду ақәнага рақәыршәарази аиҵаҟәшақәа зегьы ралархәразы. Аҳәынҭқарра Ахада амчратә усбарҭақәа ирыдиҵеит ацәгьоура ҟазҵаз Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәаа иахымсырц азы иақәнагоу ауснагӡатәқәа мҩаҧыргарц.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба Ахада адырра ииҭеит имҩаҧгоу аусхкқәа рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Шә-тоннак рҟынӡа амимоза Аԥснынтә Урыстәылаҟа иаларгалахьеит жәабранмза иалагӡаны ҳәа аанацҳауеит "Вести-Сочи".
Иааиуа амшқәа рзы иазԥхьагәаҭоуп даҽа шә-тоннак аекспорт. Анаплакыҩцәа 200 тонна рекспорт азы адокументқәа азырхианы инарышьҭхьеит.
Аиҳарак ашәҭ аҭира хәажәкырамза иақәшәоит. Урыстәылаҟа коммерциатә хықәкала ашәҭ алагалараан ашәҟәы иҭагалатәуп. Закәаншьаҭада аиагараан ахараԥса ддыршәоит. 15 ҿаҳәара еиҳаны аҳәаа иахызго ртауар ашәҟәы иҭаргалароуп.
Амимоза аҳәаа ахыгаразы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟынтә асертификати афито-санитартә хылаԥшра асертификати аҭахуп.
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа административтә зинеилагара ҳәа жәаа-уск хацдыркхьеит, иаԥырҟәҟәаан тоннаки бжаки аҟынӡа амимоза закәаншьаҭада аҳәаа ахыгара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Амимозаз аҵарҭышагара зҭахыз аинспекторцәа рганахьала ашьаус хацыркуп
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Сабша-мҽышала узынхаӡом" – ақыҭа ԥсҭазаара иацу ауадаҩрақәа ртәы