КВН Аԥснытәи алига афинал 1/8 Аҟәа имҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазская лига КВН
Абхазская лига КВН - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
КВН Аԥснытәи алига афинал 1/8 иалахәхоит акомандақәа ԥшьба: Аҟәа ақалақь, Аҟәатәи, Пицундатәи, Тҟәарчалтәи араионқәа рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, абҵара 29– Sputnik. Изаамҭанытәи КВН Аԥснытәи алига афинал 1/8 мҩаԥгахоит абҵара 29 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны ҳәа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку Михаил Цкуа.

Михаил Цкуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Цкуа Аԥснытәи КВН апремиер-лигазы: издыруада, ҽааны Шәача ҳақәгыларцаз акоманда ҳзеизгар

"Аҟәантәи агәыԥ "Авангард", Пицундатәи "Сейчас все будет", аерманцәа рдиаспора еидызкыло агәыԥ, иара убас Тҟәарчалынтәи "Дождевой удар"- абарҭ акомандакәа ҳрыхәаԥшхьеит. Сынтәа дара рактиортә ҟазара еизҳаит, иҳәатәуп, есышықәса рыҩаӡара иаҳа-иаҳа ишацло. Сынтәатәи апремиер-лигаҿы иқәгылоит уаанӡа иҟаз акомандақәа ҩба: аерманцәа-ачемпионцәа, иара убас тҟәарчалтәи акоманда", - иҳәеит Цкуа.

Иара иҳәеит сынтәатәи ашықәс нҵәаанӡа асезон шызхыркәшамхо, аамҭа маҷны иахьынхаз иахҟьаны. Егьырҭ аетапқәа мҩаԥысраны иҟоуп 2020 шықәса рзы.

Иахьатәи аҿар аҟазара рылоуп, "Нарты из Абхазии" "Маленькая страна" ҿырԥшыгасгьы ирымоу ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аиҿкааҩцәа иргәиҭоуп 2021 шықәса рзы Шәача имҩаԥысраны иҟоу аӡынтә фестиваль алахәхаразы Аԥснытәи акоманда аизгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0