Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит

© Sputnik / Акоп Кущян Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит
Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа афитосанитартә лабораториа аремонти атехникатә еиҭарҿыцреи мҩаԥган аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны.

АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Еиҭарҿыцу афитосанитартә лабораториа аадыртит аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциаҿы ахәаша, абҵара 29 рзы.

© Sputnik / Акоп Кущян Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит
Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит

Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа афитосанитартә лабораториа аремонти атехникатә еиҭарҿыцреи мҩаԥган аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны. Иара еиқәыршәоуп алобараториазы ихымԥадатәиу амикроскопқәа, адистиллиаторқәа, ацентрафугақәа рыла.

Алабораториа аиҳабы Маиа Шьынқәырԥҳа лажәақәа рыла аҟазауаа рҿаԥхьа идҵа хаданы иқәгылоу аҭыԥантәиқәа реиԥш аҳәаанхыҵынтәи иаарго ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспертиза азуроуп. Аусзуҩцәа имҩаԥыргоит аентомологиатә, афитопатологиатә, абактериологиатә експертиза.

"Алабораториатә експертиза иахрыжьуеит аҵиаатә материал еиԥш анышәгьы. Аекспертиза алкаақәа иалдыршоит изаамҭанытәиу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара арыцҳара аԥырҟәҟәааразы, ацәгьа-мыцәгьа ареспубликахь аҵиаа иацны аҭамгаларазы", - лҳәеит лара.

Афитосанитартә лабораториа аӡыргара далахәын Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсны акарантинтә маҵзура аиҳабы Аркади Џьынџьиа иажәақәа рыла аусура хра аманы имҩаԥысырц, Аԥсныҟа аҵиаа рыцәгьарҿиаҩцәа алагаламхарц азы Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иргылатәуп ахархәага ҷыдақәа, иҟьышьу аалыҵ шьҭахьҟа ирхынҳәлатәуп ма аҭыԥ аҿы аиҭахархәараус (аутилизациа) азутәуп.

© Sputnik / Акоп Кущян Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит
Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит

"Иԥхасҭоу аалыҵ аутилизациа азаауртә аҭагылазаашьа ҳамам. Ҳара иҟоу азгәаҭаны иаҳҳәоит, анаҩс аӡәгьы лахь ирҭом", - иҳәеит иара.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит иԥхасҭоу аалыҵ аутилизациа азумхозар, Аԥсныҟа ралагалара ауазар алабораториа аусура лҵшәадоуп ҳәа. Усеиԥш ҟамларц азы азакәанԥҵаратә ҵаҵӷәы аԥҵатәуп иҳәеит Ҳаџьымба.

© Sputnik / Акоп Кущян Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит
Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны афитосанитартә лабораториа аадыртит
Ажәабжьқәа зегьы
0