Аԥсны аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа ахантәаҩыс далхуп Марина Ԥлиаԥҳа

© Sputnik / Томас ТхайцукМарина Пилия на заседании кабмина об исполнении Республиканского бюджета
Марина Пилия на заседании кабмина об исполнении Республиканского бюджета - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа актәи аилатәара мҩаԥысит абҵара 29 рзы.

АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа ахантәаҩыс Марина Ԥлиаԥҳа дшалху атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит лара, Марина Ԥлиаԥҳа.

"Бжьеиҳала Аԥсны аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа ахантәаҩыс салырхит, схаҭыԥуаҩыс –Ада Касланӡиаԥҳа, амаӡаныҟәгаҩыс – Селма Џьынџьалԥҳа", - лҳәоит Ԥлиаԥҳа.

Марина Пилия. - Sputnik Аҧсны
Марина Ԥлиаԥҳа аиустициа аминистрс дҟаҵоуп

Аԥсны аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа аусура ҳәаақәнаҵоит Аԥсны аконституциатә ӡбара "Аӡбаратә мчразы" азакәан ахәҭаҷ 152. Аԥсны аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа шьақәгылоуп жәҩык алахәылацәа рыла. Дара бжьыҭира маӡала иалырхуеит ҿҳәарас хышықәса рыҭаны. Акандидатцәа зегьы азиндырратә занааҭ рымазароуп.

Аԥсны аӡбаҩцәа рыквалификациатә Коллегиа иалахәуп:

Азеиԥш иурисдикциа змоу аӡбарҭақәа рҟынтә – Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Ада Касланӡиеи Гәылрыԥшьтәи араионтә ӡбарҭа ахантәаҩы Марина Ануаԥҳаи.

Арбитражтә ӡбарҭаҟынтә – Кама Арсҭааԥҳаи Лиудмила Амҷыԥҳаи.

Жәлар реизара – Апарламент аҟынтә – адепутатцәа Баҭал Табаӷәуеи Каха Пертаиеи.

Аԥсны ахада иҟынтәи – Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамбеи аиустициа аминистр Марина Ԥлиаԥҳаи.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟынтәи – Давид Сангәлиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0