Асасааирҭа "Ориенталь": Альфред Бамме иҭынха

Анапаҵаҩра
Асасааирҭа хыркы "Ориенталь" 64 номер аман. Уахыки-ҽнаки уаҟа аангылара мааҭки бжаки иаԥсан. Асасааирҭатә номерқәа зегьы аҩбатәи аихагылаҟны акәын иахьыҟаз. Урҭ рҟынтәи иреиӷьӡақәаз ирыман - амшын аԥшаҳәахьы ирхаз хԥеи, Колубиакинскаиа амҩахь ирхаз зеижә балкони.

Sputnik

Аԥхынтәи аҟыршоура ҳашьҭахьҟа иааныжьны ишьшьылаҳау ҭагаланаамҭа ҳанҭагылеит. Уажәшьҭа, уахгьы ҽынгьы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа ахи-аҵыхәеи аҳауа гәырҭәыла илбаадо унаныс-аанысыр ауеит. Ари амҩаҟны улаԥш нархьысуеит шәышықәса инареиҳаны изхыҵхьоу ахыбрақәа. Ақалақь агәадурақәа. Урҭ ахыбрақәа улаԥш акыраамҭа ираҩмыжькәа ирыддырхалоит.

Сариеи Нестори Лакобаа рыҩны. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Сариеи Нестори рыҩны

Абасеиԥш иҟоу хыбрак Леон имҩеи Амҳаџьыраа рыԥшаҳәеи реихагаларҭаҟны игылоуп. Зыӡбахә ҳамоу 1908 шықәса рзы иргылаз асасааирҭа "Ориенталь" ауп. Иара андыргылоз аамҭазы арҭ амҩақәа – Михаиловсктәи аԥшаҳәеи Колиубиакинскаиа амҩеи ҳәа хьӡыс ирыман.

Улаԥш хызкуаз асасааирҭа ссир зырҿиамҭоу еицырдыруа архитектор Альфред Бамме иоуп.

Иара ирҿиамҭақәа рахь иаҵанакуеит Азово-Донтәи абанк ахыбра (иахьазы уа иҟоуп Амилаҭтә картинатә галереиа), ҩнымаҭәала ирхиаз аномерқәа рхыбра "Европа" (адәқьан "Ахәыҷқәа рдунеи") уҳәа иҵегьы. Бамме архитектураҟны бзиа ибаны аус адиулон амодерн астиль.

Асасааирҭа "Ориенталь" аҟаза инапкымҭақәа иреиӷьу ҳәа иԥхьаӡан. Азанаҭуаа зегьы еицҿакны иазгәарҭоит ахыбра астильи иара ахьгылоу аҭыԥи оумашәа иубартә реиқәҿыҭышьа, реинаалашьа.

"Уаднамхаларц залшом ахыб еицеиԥшьны акәымкәа ашатиор ҳасаб змоу ақәқәа рыла иахьышьақәгылоу, аганқәа рҟны иҩагоу абашниақәа, урҭ рыдагьы аԥенџьырқәа ирҿыкәыршоу аихакыц иҳарџьԥсараха аилазаашьа. Знык улаԥш назықәшәаз еиҭагь избандаз ҳәа агәаҳәара уоуеит", — иҳәоит архитектор Георги Баронин.

Ажәакала, ииасыз ашәышықәса алагамҭаз иргылаз ари ахыбра ссир аромантикатә ҟазшьа ахьыӡсон.

Асасааирҭа хыркы "Ориенталь" 64 номер аман. Уахыки-ҽнаки уаҟа аангылара мааҭки бжаки иаԥсан. Асасааирҭатә номерқәа зегьы аҩбатәи аихагылаҟны акәын иахьыҟаз. Урҭ рҟынтәи иреиӷьӡақәаз абалконқәа рыман, амшын аԥшаҳәахьы ирхаз хԥеи, Колубиакинскаиа амҩахь ирхаз зеижә балкони.

Гостиница Сан-Ремо 1914 г. - Sputnik Аҧсны
"Сан-Ремо" аҟынтәи "Риҵа" ахь: сасааирҭак аҭоурых

Ахыбра актәи аихагылаҟны ахәаахәҭырҭатә дәқьанқәа рацәаны аус руан, аус ауан аресторан. Адәқьанқәа рыбжьара еиҳарак ахьӡ хара инеиҩхьан аишьцәа Акинианаа рбатәы дәқьан, Бабаджиан иҭҭынҭирҭа дәқьан, асааҭқәеи, абырлашқәеи, араӡны иалхыз ачысмаҭәеи ахьырҭиуаз Минков идәқьан. Ажәакала араҟа хаҵагьы ԥҳәысгьы ргәы иаҭахыз аархәар ахьрылшоз ҭыԥын.

Убарҭ зегьы иаарылукаауа аҭааҩцәа аман Евкарпиди ифотостудиа. Иоаннис Полихрон-иԥа Евкарпиди Аҟәаҟа дааит иҭаацәа дрыцны Османтәи аимпериаҟынтәи зынӡа данқәыԥшӡаз.

Афотоҭыхҩы изанааҭ аниҵа ашьҭахь иара илиршеит иахәҭаны иҟаз амыругақәа аахәаны ахатәы фотостудиа аартра. Ари афотостудиа иаарласӡаны зегь бзиа еицырбо иҟалеит.

Арахь ҳпатреҭ ҭаҳхуеит ҳәа иааиуан ақалақь аҟны еиҳа еицырдыруаз, амал знапы алакыз ауаа.

Иахьагьы ирацәоуп иаанханы иҟоу Евкарпиди иҭыхымҭақәа. Арҭ апатреҭқәа рҟынтәи иҳахәаԥшуа ауаа шамахамзар абеиоу амаҭәа ршәуп, рхаҭақәа ԥшӡоуп. Дара зегьы хаҭа-хаҭала арольқәа нарыгӡошәоуп ишҭыху.

Евкарпиди ифотостудиа ахьӡ-аԥшеи адагьы амал ду изаанагеит. Ажурналист Георгиос Григориадис ишиҩуа ала, Евкарпиди Парижи Лондони рыҽшеиларҳәоз еиԥш акәын иҽеилаҳәашьа шыҟаз, англыз лордк дуԥылазшәа убарын, инапаҟны еснагь икын араӡын ала ихыркыз алабҷышь.

Ажәакала, абри ахыбраҟны акәын иахьыҟаз ХХ ашәышықәса алагамҭазы Аҟәа инхоз ақалақьуаа аӡәырҩы аҭоурых иазынзыжьыз Евкарпиди ифотостудиа.

1932 шықәса рзы усҟантәи аамҭа иақәшәо "Ориенталь" ахьӡ "Тҟәарчал" ҳәа иԥсахын.

1933 шықәса рзы асасааирҭа иаҿаԥшьын асасааирҭа "Советскаиа Абхазиа" акорпус ҿыц. Ари апроект еицырдыруа архитектор Владимир Шьчуко ипроект акәын. Ҳәарада ари аргылара зынӡа аҽа знеишьан иамаз, изҵазкуазгьы аҽа стильын. Иуҳәар ауеит сталинтәи ампир еиҳа иазааигәоуп ҳәа.

1985 шықәса рзы асасааирҭа "Абхазиа" амца анакы асасааирҭа "Тҟәарчалгьы" иахьымсыр амуит. Аибашьра ианалагашаз аамҭаз иара аиҭашьақәыргыларазы иааны иҟан аҳәаанырцәтәи аҟазауаа, аха аибашьра ианалага аусурақәа аанкылахеит.

© Фото : из архива Георгиоса ГригориадисаСухум XIX век. АРХИВНОЕ ФОТО
Асасааирҭа Ориенталь: Альфред Бамме иҭынха - Sputnik Аҧсны
Сухум XIX век. АРХИВНОЕ ФОТО

Аибашьра ашьҭахь ахыбра акраамҭа ус игылан, аха аамҭақәак раԥхьа еиҭашьақәдыргылеит. Ҳәарада, ажәытәтәи "Ориентали" иахьатәи "Ориентали" реиԥшра атәы аҳәара уадаҩуп аха егьа ус иҟазаргьы ахаҿра ыреицакымкәа иааныжьуп. Иахьазы уигьы акраҵанакуа иҟоуп аҭоурых азы. Ақалақь архитектуратә баҟақәа ирхыԥхьаӡалоуп иара – ус анакәха иҟоуп агәыӷра мышкызны ҿыц иизшәа аԥшӡара ҳаршанхо иаагылап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0