Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭхьынатәи ашкол аиҳабы Габуниаԥҳа: ҳҵараиурҭа ақыҭа зегьы иагәылҷҷо игылоуп

© Foto / предоставлено Габуния ЛарисойГабуния Лариса
Габуния Лариса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭхьынатәи ашкол аиҳабы Лариса Габуниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит иахьа абжьаратә ҵараиурҭа иамоу аихьӡарақәеи ауадаҩрақәеи ртәы.
Ҭхьынатәи ашкол аиҳабы Габуниаԥҳа: ҳҵариаурҭа ақыҭа зегьы ырлашо игылоуп

Ноиабр 30 рзы 100 шыкәса ахыҵуеит Никәала Воуба ихьӡ зху Ҭхьынатәи абжьаратә школ.  

"Аԥсахрақәа ӷәӷәа ҳауит ҳара. Иахьа иҳамоу ашкол аҩыза зегьы ирымаӡам. Ашкол аныблы ашьҭахь ҩеихагылак змаз ахыбра, еихагылак аҿы аклассқәа рмаҷны ҳаҩнаӡҭгьы, иахьа ҳаԥхаӡа ҳлашаӡа ҳаҟоуп. Ҳашкол еиқәыршәоуп акомпиутертә классқәа рыла, аспортзал уҳәа ахыбра ҿыц ақыҭа ырԥшӡо, иагәылҷҷо игылоуп. Ашкол ҿыц аартреи уи 100 шықәса ахыҵреи уамашәа еиқәшәеит. Раԥхьа иара анаартха ахәыҷқәа аҵара лашарахь рнагара иазкызҭгьы, уажәы адырра дуқәа роуразы, ҩажәиактәи ашәышықәса иашьашәаланы, аус ауртә еиԥш алшара ҳамоуп, уи ҩнапыкалагьы ҳаҿуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Габуниаԥҳа. 

Ҭхьынатәи ашкол аиҳабы илҳәеит зны-зынла арҵаҩцәа разымхара азҵаара ҵарны ишықәгылало. 

"Арҵаҩратә еилазаара шьықәгылоуп 20-ҩык арҵаҩцәа рыла. Дара зегьы иреиҳаӡоу аҵариурҭақәа ирылгаз роуп, аҿаргьы ҳамоуп, аха иага ус иҟазаргьы аматематикеи, афизикеи, аурыс бызшәеи алитературеи рзы ауадаҩрақәа анҳамоу ыҟоуп. Ҳаушьҭымҭацәа имаҷымкәа ари ахырхарҭақәа рыла иҭалахьеит, иалгахьеит, аха нас ақалақь ааныжьны ақыҭахь аара рцәыцәгьоуп ", - ҳәа еиҭалҳәеит Габуниаԥҳа.      

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0