Владимир Делба Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә далауреатхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Делба
Владимир Делба   - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә ԥхьахә анашьара ацеремониа мҩаԥысит Москва, ԥхынҷкәын 2 рзы.

МОСКВА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аноминациа "апроза" аҿы иреиӷьуп ҳәа ишьан ҩыџьа афиналистцәа: Владимир Делба (апрозатә рҿиамҭақәа реизга "Звездная пыль моих воспоминаний"), Анатоли Курчаткин (ароман "Минус 273 градуса по Цельсию").

Владимир Делба иазгәеиҭеит афиналистцәа рсиакьаҿ аныларагьы насыԥны ишиԥхьаӡоз.

"Афиналист идиплом аиура сара сзы иҳамҭа дуун, алауреат ихьӡ аиура зынӡагьы сақәгәыӷуамызт. Сара ԥхьаҟагьы сус иацысҵалоит, абри аҩыза аиндаҭларагьы салахәхалоит. Иҭабуп ҳәа сҳәоит Фазиль игәалашәара ҟәандазы. Сара насыԥ сыман Фазиль иеиԥшыз ауаҩы дахьыздыруаз", - иҳәоит  Владимир Делба.

Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә рырҭон урысшәала иҩыз арҿиамҭақәа, 2017, 2018, 2019 шықәсқәа рзы акьыԥхь збаз, х-номинациакны ишаны: "апроза", "апоезиа", "акиносценарии адраматургиеи".

Владимир Делба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, Урыстәыла алитераторцәа Реидгыла алахәыла. - Sputnik Аҧсны
Делба: сырҿиара зегьы аԥсадгьыл агәхьаагароуп

Апоезиа ахәҭаҿы иреиӷьу ҳәа далкаан Алексеи Остудин ("Вишневый сайт"). Аноминациа "акиносценарии адраматургиеи" аҿы иалкаан Евгениа Декина лнапылаҩыра "Страх" – Фазиль Искандер иажәабжь иалху анимациатә фильм асценари азы.

Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә шьаҭанаркит Урыстәылатәи ПЕН-центр 2016 шықәса рзы.

Урыстәылатәи ПЕН-центр ахада Евгени Попов иазгәеиҭеит  иреиӷьқәоу ралкаара ажиури рзы имариаз усны ишыҟамыз.

"Фазиль узҿыԥшыша шәҟәыҩҩуп, Маркеси Фолкнери рдунеи иеиԥшу ихатә дунеи ду даԥҵаҩуп. Ибызшәа иаҵубаауеит Кавказ ахыԥша. Уи алагьы аурыс бызшәа ирбеион. Ирҿиамҭа ацыԥҵәахак ала думдырырц залымшо дыҩуан", - ҳәа иҳәеит Евгени Попов.

Ахәылԥаз аҟны адиплом ҷыдақәа ранашьан иналукааша, аҿыцратә ҟазшьа змоу арҿиамҭақәа рзы: Артеми Леонтьев (ароман "Варшава, Элохим! Рай"), Владимир Пучков (апоезиатә еизга "Косточка мира").

Боголиубов ихьӡ зху аҟазара абиблиотека адиректор Владимир Семионов иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу алитературатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара абиблиотека аҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа ишырхадоу.

Фазиль Искандер. - Sputnik Аҧсны
Искандер ипремиазы инашьҭу аԥсуа проза

"Искандер ихьӡ зху аԥхьахә анашьара ацеремониа насыԥуп, гәыҭгагоуп ҳара ҳзы. Асеиԥш иҟоу алитературатә хәылԥазқәа аԥыжәара раҳҭоит. Урыстәылатәи ПЕН-центри ҳареи ҳаиҩызцәа бзиоуп", - иҳәеит Владимир Семионов.

Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә шьаҭанаркит урыстәылатәи ПЕН-центр 2016 шықәса рзы. 2017 шықәса рзы аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа Витали Шариеи Ричард Ҷкадуеи аҳаҭыртә дипломқәа ранашьан.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩы-шықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0